АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Абҵара.2023

Аҟәа ақалақь аҿы ахәыҷқәа рзы аԥсышәала ицәажәо ԥшь-ҭыжьымҭак аӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Абҵарамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы хы-шықәса инадыркны жәа-шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа рзы аԥсышәала ицәажәо ԥшь-ҭыжьымҭак аӡыргара мҩаԥысит.   

Уи –  асахьақәа рыла еиқәыршәоу ажәар «Сара раԥхьатәи сышәҟәы», А. Мықәба ахәыҷқәа рзы ииҩыз алакә-апиеса «Ажьа-афырхаҵа», Г. Сақаниа авторс дызмоу, ԥшшәы еилаԥсала ашәыгақәа зцу ажәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа», иара убас Г. Кәыҵниа авторс дызмоу ашколнӡатәи ақәра иаҵанакуа ахәыҷқәа рзы сахьала еиқәыршәоу аизга «Асааҭи аамҭеи» роуп.   

Ажәар «Сара раԥхьатәи сышәҟәы»  – ари даара ибзианы асахьақәа рыла еиқәыршәоу ҭыжьымҭоуп. Еиуеиԥшым аԥшшәқәеи урҭ рахь аҵаҩырақәеи аилыркаагақәеи ахәыҷқәа имарианы ирласны иарбоу амаҭәарқәеи ацәырҵрақәеи рыхьӡқәа ргәынкылараҿы хра злоу цхыраагӡаны иҟалоит.

Ԥшшәы еилаԥсала ашәыгақәа зцу ажәеинраалақәа реизга «Ашәҭқәа рашәа» еиуеиԥшым ашәҭқәа ирызку ажәеинраалақәа ирызку ажәеинраалақәа рыла еиқәыршәоуп.

Ашәҟәы «Асааҭи аамҭеи» аԥхьаҩ хәыҷы ашьыжьтәи абҩарҵәыреи шьыжьхьафареи инадыркны иҵатәқәа рыҟаҵара аҟынӡа ихадоу  иусқәа рзы иаамҭа ииашаны азыԥҵәара иҵарц азы ацхыраара инаҭоит. Ари ашәҟәы аҿы еизгоуп асахьақәеи игәырҿыхгоу ажәеинраалақәеи.

«Ажьа-афырхаҵа» –  ари А. Мықәба ахәыҷқәа рзы ииҩыз алакә-апиеса ауп.

Ашәҟәқәа реиҳарак Аԥсны араионқәа зегьы рахь ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рахь идәықәҵахоит. Ашәҟәқәа ааухәар ҟалоит ашәҟәҭирҭатә дәқьанқәа рҿы.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы аспециалистцәа рнапхгарала фымз ирылагӡаны иарбоу аҭыжьымҭақәа аус рыдырулон аԥсуа бызшәа аспециалистцәа, аметодистцәа, ааԥхьара зауз асахьаҭыхыҩцәа.  

Ашәҟәқәа зегьы ааизакны ртираж –  3500 екземплиар рҟынӡа инаӡоит.

«Сара даара сеигәырӷьоит иахьатәи ҳаиԥылара. Акыр ҵуеит шәареи ҳареи ас еиԥш аиԥыларақәа мҩаԥаҳамгеижьҭеи. Иахьа ҳара ахәыҷқәа рзы ԥшь-шәҟәык рӡыргара мҩаԥаагоит. Ҳара иаҳҭахуп зегьы ирбарц ҳусура, ирдырырц ҳбызшәа аҿиаразы иҳалҳаршо атәы. Арҭ ашәҟәқәа ҳхатәы бызшәа аҿиареи аиқәырхареи ирызкуп. Ҳара  иаҳҭахуп ҳхәыҷқәа асахьа ԥшӡақәеи ажәеинраалақәеи рыла рбызшәа абзиабара ркларц, рхатәы бызшәала ажәа ҿыцқәа рҵара азы агәазыҳәара роуларц рбызшәа ала ицәажәаларц», –  ҳәа илҳәеит аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы аиҳабы Гәында Кәыҵниа.

Гәында Кәыҵниа ашықәс анҵәамҭанӡа аусбарҭа ахәыҷтәы сахьаркыратә литература, аметодикатәии лабҿабатәии ацхыраагӡақәа, аҵаратә интерактивтә ахәыҷтәы планшетқәа, ацҵақәа, аудиошәҟәқәа, ицәажәо анбан, алабҿабатә цхыраагӡақәа, уҳәа рҭыжьра иазку аусура шынанагӡо азы адырра ҟалҵеит.

«Ҳара ҳҽазаҳшәоит  убас ала ҳус аиҿкаара, излауа ала ирацәаҩны ахәыҷқәа абызшәа аҵара ргәаԥхо, уи ала ихәыцуа,  иара убас активла уи рхы иадырхәо иҟаларц», –  ҳәа илҳәеит лара.

 

 

 


Read 168 times - Ахаша, 08 Абҵара 2023 15:56
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.