pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны иазгәарҭоит ареспублика Арбџьармчқәа Рымш.

Аԥсны Арбџьармчқәа раԥҵара имариамыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьаҿы, ареспублика ахьыԥшымра азықәԥара аҭагылазаашьаҿы  имҩаԥысуан.

Аԥсуа ар ашьақәгылара аҩныҵҟатәи архәҭақәа Хазы игоу аполк аԥҵара аҟынтәи ахы ыҵнахит. Усҟан уи иахагылеит  амилициа аподполковник, Гиви Агрбеи амилициа амаиор Вахтанг Цыгәбеи. Ари аполк ахыҵхырҭаҿы игылаз иреиуоуп абарҭ афицарцәа: Владимир Аршба, Денвар Асланӡиа, Иури Романов, Баҭал Џьопуа, Беслан Ҵәыџьба, Валери Делба, Рауль Муцба, Сергеи Аршба, Нури Багаҭелиа, Вианор Ашба, уҳәа убас аӡәырҩы.

Жьҭаарамза 11 Аԥсны Арбџьармчқәа анаԥҵаз амш ауп, аха уаанӡа, декабр 29, 1991 шықәсазы еиҿкаан Аҩнуҵҟатәи Ар Хаз игоу аполк. Уи еиҿкаан Аԥсны иҟаз Асовет Еидгыла архәҭақәа рбазала. Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс дыҟан Владислав Григори-иԥа Арӡынба.

1992 шықәса жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, ҳажәлар рԥыза ду Владислав Григори-иԥа Арӡынба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа р-Штаб хада аԥҵаразы», «Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Ақәҵарақәа инапы рыҵаиҩит. Ари арыцхә официалла Аԥсны Арбџьармчқәа рымш ҳәа иԥхьаӡоуп — Аԥсны ар аира иамшуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа аррамаҵзураауаа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аԥҵоижьҭеи  31 ш. аҵра рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра аррамаҵзурауаа, Арбџьар мчқәа аветеранцәа,!

 

Ишәыдысныҳәалоит аҵак ду змоу арыцхә - Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аԥҵоижьҭеи 31 ш. аҵра.

1992 ш. ҳажәлар еиҳа иуадаҩыз аамҭа ианҭагылаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашыкьымҭазы Владислав Арӡынба инапхгарала иаԥҵан Аҳәынҭқарратә атәылахьчаратә хеилак. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны раԥхьатәи аибашьратә қәҿиарақәа аарԥшын, уи аԥхьаҟа Аԥсны Аҳәынтҭқарра Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хадеи раԥҵареи иацхрааит.

Аибашьра анаҩстәи аамҭа иаҳнарбеит ари ашьаҿа ианаамҭаз, ииашангьы ишыҟаҵаз. Аԥсны Аҳәынҭқарра  ақырҭуа агрессорцәа ирҿагыланы ақәԥараҟны иагаз Аиааира Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа раԥҵаразы ирыдыркылаз азыӡба шхымԥадатәыз шьақәнарӷәӷәеит.

Аибашьраҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбьар мчқәа рсолдаҭцәеи рофицерцәеи хьӡи-ԥшеи рыманы еибашьуан. Дарбанзаалак урҭ рахьтә агәымшәареи ахамеигӡареи аазыршԥшыз аибашьратә ҳамҭақәеи Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳараки иаԥсахеит.

Ҷыдала, иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп адҵаҟаҵаҩцәа, Атәылахьчара Аминистрреи Аштаб Хада аԥҵареи рхыҵхырҭаҿы игылаз, рыхьӡ ҳтәыла аҭоурых наунагӡа ианызаауеит Аԥсадгьыл ахьчаразы арратә уалԥшьа анагӡараан иҭахаз зегьы. 

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны, исуверентәу ареспублика аҳасабала, адгылаҩцәа рыцхырааралагьы уахь иналаҵаны,   ахатәы шәарҭадара ашьақәыргылара азин амоуп. Аԥсны, Очамчыра араион аҿы Урыстәылатәи Афедерациа Арра-Мшынтә Флот есымшатәи аҟазаара апункт ашьақәыргылара аперспектива дахцәажәо абри аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Афедерациа Ахеилак жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Владимир Џьабаров.

«Еилкаау усуп, Аԥсны мраҭашәаратәи атәылақәа жәпакы рыԥсы азыцәгьоуп. Ари Амшын Еиқәа аԥшаҳәа ауп, Амшын Еиқәа, уи мрагыларатәи ахәҭа ахылаԥшра дара рзы акырӡа аанагоит.  Сара сгәаанагарала, Аԥсны жәаҳәарада, Урыстәылатәи Афедерациа аԥхьа инаргыланы, адгылаҩцәа рыцхыраралагьы уахь иналаҵаны, ахатәы хьыԥшымреи ашәарҭадареи азхәыцреи ари азҵаара иара иахәҭоуп ҳәа ишаԥхьаӡо ала аӡбареи рзы азин нагӡаны иамоуп», – ҳәа Кавказнҭыҵ аҭынчреи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи адискуссиақәа 15-шықәса рхыҵра иазкны имҩаԥгаз авидеоцҳа Москва – Аҟәа – Цхьынвал ала дықәгыло  Владимир Џьабаров иҳәаз иажәақәа аанагоит ТАСС.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Пыв аҩхааҿы игылоу асовет еибшьцәа рбаҟа амҵан Кавказ ахақәиҭтәразы аидыслара 80-шықәса ахыҵра инамаданы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аруаа, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама адинмаҵзуҩцәа, Аҟәа иҟоу «Москва Аҩны» ахаҭарнакцәа, акультуратә фонд «Платформа», иара убас урыстәылатәи аидгьылуаа Рассоциациа раԥшьгаратә гәыԥ Кавказ ахьчаразы иҭахаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.

Уи ашьҭахь Далмаҭ (Гоԥиа), апротоиереи Игорь (Сергеев) иҭахаз аибашьцәа аԥсырҭынчра иазку Анцәа иашьапкра мҩаԥыргеит.  

Пыв  аҩхаа  ала ииасуан Санчартәи ахырхарҭала архәҭақәа. Урҭ ирылан Аҟәатәи, Гәдоуҭатәи, Гагратәи аотриадқәа, иара убас еизаку аотриад «Ԥсҳәы». Абраҟоуп аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы афашизм аиааира аҳаҭыр азы агәалашәаратә дыргақәа ахьышьақәдыргылоз.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. II Аԥснытәи амедицинатә форум аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Москва ақалақь аҿы диԥылеит академик Б. В. Петровски ихьӡ зху Урыстәылатәи ахирургиатә наукатә Центр адиректор, Урыстәыла Анаукақәа Ракадемиа академик Константин Котенко. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.

Едуард Быҭәбеи Константин Котенкои аҩганктәи аусеицура апланқәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә усбарҭақәа рзинхьчаратә усеицура азы аԥсны-урыстәылатәи аусуратә гәыԥ аилатәара ашәахьа, жьҭаарамза 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы  апресс-маҵзура.

Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Зураб Ашәба, урыстәылатәи – Урыстәылатәи Афедерациа афедералтә ҳазылхратә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Олег Губаидулин.

Аганқәа аҩганктәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит. Урҭ иреиуоуп:

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Анапылампыл акоманда «Аԥсны» Урыстәыла ачемпионат Иреиҳаӡоу алига  «Б» актәи атур алахәхаразы Чечентәыла аҳҭнықалақь ахь амҩа иқәлеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аицлабрақәа мҩаԥысуеит жьҭаарамза 10 – 15 рзы.  Аԥснытәи акоманда Чечентәылеи Даӷьсҭан рҟынтәи акомандақәа ирԥылараны иҟоуп.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа аусзуҩцәа  Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәа рыцны аоператив-профилактикатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан Гагра араион Алаҳаӡы ақыҭан, абнараҿы аус зуаз амаининг-ферма рыԥшааит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрокурор Хада Адгәыр Агрба Апарламент ахь азакәанԥҵаратә аԥшьгара аҳасабала «Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәак аиҭакрақәа ралагалара азы» азакәан апроект наишьҭит.

Зыдгалара мҩаԥгоу апроект ҳаамҭазтәи аҭаххрақәа ирықәымшәо Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкылеи Ашьаусмҩаԥгаратә Закәанеидкылеи иалагалахо аиҭакрақәа ирыдҳәалоуп.

Иара убас, апрокурор Хада Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 124 «ауаҩы дызлаҟам ала ихцәажәара» аредакциа аиҭакрақәа ралагалара азы ажәалагала ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жьҭаарамза 9, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Олег Губаидулини русуратә еиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылара иалахәыз Урыстәылатәи Афедерациа аҳазылхратә усбарҭақәеи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеиҵақәеи зыԥшаара мҩаԥысуа атранспорттә хархәагақәа раарԥшреи изакәанымкәа абџьар аҭагалара, анаркотикатә  маҭәашьарқәеи урҭ раналогқәеи, иара убас аҭаҭын аалыҵқәеи изакәанымкәа аҳәаа рахгара аԥхьырҟәҟәаара иазкны аоперативтә усмҩаԥгатәқәа реицымҩаԥгара иалацәажәеит.   

«Ҳара ахырхарҭақәа зегьы рыла  аусеиҿкаара ҳашьҭоуп. Даара ҳаигәырӷьоит иахьа абра шәбара, ҳусура хра злоу алҵшәа аанарԥшыр ҳҭахуп. Уи азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит», –  ҳәа иазгәеиҭеит Роберт Киут. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Олег Губаидулин аҳазылхратә усбарҭақәеи Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи русеицура ахәшьара бзиа аиҭеит.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.