АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа Аҟәа ақалақь аҟны аусурақәа ахьцо аобиектқәа жәпакы дырҭааит.

Аҟәа. Лаҵарамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аҳҭнықалақь аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо аобиектқәа жәпакы дырҭааит.

Аҟәа ақалақь амҩаду хадақәа руак – Владилав Арӡынба ихьӡ зху амҩа акаҭран ықәырҵоит. Иазԥхьагәаҭоуп 800 метра амҩа ахҟьара. Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба аргылартә усура иақәхарџьхо атәы иҳәеит: «Ахарџьқәа  аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтә иаагоуп, урҭ ирыцҵоуп Шәара шәҟынтә иҳауз ацхыраара - 10 млн. мааҭ». Иара убас Аҳәынҭқарра Ахада иеиҳәеит Басариеи Титовеи амҩадуқәа иаарласны реиҭашьақәыргылара нап шаркхо.

Анаҩс, Аҳәынҭқарра Ахада ирбахеит Аиааира Апроспект аҟны абетон ақәҵаразы ицо аусурақәа.

Аҳәынҭқарра Ахада иусуратә ныҟәарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо ахәыҷбаҳча  «Аԥра» даҭааит. Амуниципалттә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» адиректор Асҭамыр Ԥиԥиа иҳәеит иԥхоу адашьма   шышьҭаҵоу, иахәҭоу акоммуникациақәа шышьақәыргылоу. «Ахԥатәи акорпус аҟны аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит. Анаҩс нап аҳаркуеит аҩбатәии актәии акорпусқәа»,- ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Ақалақьтә клиникатә хәышәтәырҭаҿы адкыларҭатә ҟәша шеиҭаку, иара убас ара иҟаҵоу атәы Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит аҳақьым хада Виачеслав Абыхәба. Ҷыдала, арентгентә уада арҽеиратә усура иақәхарџьын 3.5 млн. мааҭ. Аҳәынҭқарра Ахада иныҟәарақәа раан ицыз Аҟәа ақалақь ахада  иазгәеиҭеит ковид аан абылра шыҟалаз. «Апалатақәа реиҭашьақәыргылара анаҩсгьы, амаҵзуратә уадақәа жәпакы реиҭашьақәыргылара ҳалшеит. Аԥхьаҟа иҵегьы иҟаҵатәу рацәоуп. Иазԥхьагәаҭоуп ахәшәтәырҭа ахыб аԥсахра», - ҳәа иҳәеит Беслан Ешба.

 Аслан Бжьаниа  имҩаԥигоз агәаҭаратә ныҟәарақәа рыҟны аҵыхәтәантәи ҭыԥын Аҟәатәи ашьха. Ара Аҳәынҭқарра Ахада идырбеит раԥхьа ишыҟаз еиԥш зеиҭашьақәыргылара азгәаҭоу аӡыршә. Иара убас нап адкылахоиит аԥсшьарҭатә ҭыԥ. 325 ԥшьыркца метра ашьаҟамҩатә хаҳәцәы  ԥсахуп.

Аихшьала ҟаҵо, Аслан Бжьаниа Аҟәа администрациа зегьы аусура ахә ҳаракны ишьеит, ҷыдала далкаан ақалақь ахада - Беслан Ешба. «Сара иазгәасҭарц сҭахуп  аиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы ақалақьтә биуџьет ахарџь ала ишымҩаԥысуа. Ари ақалақь иарҳаз, ҳтәылауаа рԥароуп. Ҳара ҳганахь ала еснагь аԥшьгарақәа рыдгылара ҳазхиоуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаиҵеит.

 

 

 


Read 223 times - Аҩаша, 28 Лаҵара 2024 01:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.