Милана Ҵәыџьба лажәақәа рыла, иарбоу аплошьадка онлаин еиԥш, офлаин режим ала Аҳәынҭқарра Ахада дызлаху аилатәарақәа, Аҳәынҭқарра Ахадеи ажәлари ишиашоу ицо аефир ала реиԥыларақәа, апресс-конференциақәа, абрифингқәа, уҳәа амассатә информациа ахархәагақәа алархәны имҩаԥысуа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәанаҭоит.
«Иаԥҵахо асистема иалҵәахоит аинформациатә политика аизакра, уи, раԥхьаӡа иргыланы, ахәҭакахьала, атәыла ауааԥсыра рҟынӡа аинформациа анагара аартра, аеффективра, аласра алнаршоит», – ҳәа илҳәеит лара.
Ацентр ҳаамҭазтәи аиқәыршәагақәа зегьы рыла еибыҭоуп, 20-ҩык ауаа аус руртә еиԥш аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп.
Аҳәынҭқарра Ахада ари хра злоу усуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Есыҽны араҟа иҟазар ахәҭоуп аминистррақәа, ахылаԥшырҭақәа, аҳәынҭқарра-напхгаратә усбарҭақәа, ақалақьқәа, араионқәа, аҳәынҭқарратә наплакқәа рнапхгаҩцәа иреиуоу. Ари ус бзиоуп, хымԥада инагӡатәуп. Ҳтәылауаа ҳтәыла аҿы иҟоу-шыҟоу, иҟаҵоу, мамзаргьы иҟаҵатәны ҳаԥхьа ишьҭоу, иқәҳаргылаз ахықәкқәа рынагӡараан иҳазцәырҵыз ауадаҩрақәа, уҳәа рзы адыррақәа рызнагара хымԥадатәиуп. Ауаа уи рдыруазароуп. Убри аҟнытә ауп ас еиԥш иҟоу ацентр аԥҵара азы аӡбамҭа зҳадаҳкылазгьы. Уажәы зегьы ирыцку – уи ииашаны аусура ашьақәыргылара ауп», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.