АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Лаҵара.2024

Очамчыра ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиԥылара аҿы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аҿы иҟоу авакансиақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Авиациатә занааҭқәа рпопулиаризациа, иара убас В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҿы иҟоу аусуратә ҭыԥқәа рыдгалара  хықәкыс иҟаҵаны, лаҵарамза 16 рзы Очамчыра ақалақь Ахадара ахыбраҿы аҳаирбаӷәаза анапхгараҭареи аусзуҩцәеи ақалақьи араиони руааԥсыреи реиԥылара  мҩаԥысит.

Аҳаирбаӷәаза ахархәара иҳараку аквалификациеи аԥышәеи реиԥш, аусуратә ԥышәа адагьы, еиуеиԥшым ахырхарҭақәеи азанааҭқәеи рыла аусуратә ҭыԥқәа  азԥхьагәанаҭоит.

Аҳаирбаӷәаза ахаҭарнакцәа иҟало авакансиақәа, иара убас акандидатцәа рахь иқәыргылахо азҵаарақәа, ахыдҵақәа, (ихымԥадатәиу аҵара, алшарақәа, адыррақәа, аԥышәа, уҳәа убас иҵегьы) ртәы еиҭарҳәеит, иара убас иҭацәу аусуратә ҭыԥқәа рахь акандидатцәа рызҵаарақәа зегьы рҭак ҟарҵеит.

Иахьатәи амш азы В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ахь иаҭахны иҟоуп амашьынарныҟәцаҩцәа, акатегориа «В», «С» змоу амашьынарныҟцаразы аршаҳаҭга змоу абылрарцәаратә машьынақәа рныҟәцаҩцәа, абжьаратәи, инагӡоу азеиԥшҵара, мамзаргьы иҷыдоу абжьаратәи аҵара змоу аиқәырхаҩцәа, афелшарцәа, иара убас аобиектқәа рыхьчаразы аинспекторцәа, атехникатә занааҭқәа рыспециалистцәа (анџьнырцәа, афымцаеиқәыршәаҩцәа, афымцазҟазаҩцәа, аихаҟазаҩцәа, уҳәа убас егьырҭгьы).

Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аҳаиртә наплакы аҿы аусура иалагарц зҭаху зегьы рахь абри аҭыӡҭыԥ ала иадҵаалаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит: ақ. Аҟәа, Џьонуа имҩа, аҩны №64, мамзаргьы абри аҭелқәаа рыла: +7(940) 713-58-97; +7(940) 722-20-40.

 


Read 154 times - Аԥшьаша, 16 Лаҵара 2024 22:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.