АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Лаҵара.2024

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз аофициалтә усмҩсԥгатә мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьара иазкыз аофициалтә усмҩсԥгатә.

Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа аԥсшәа раҳәо, еизаз иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны аҿиараҟны иҟарҵаз алагалазы.

 

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа!

 

Бзиала шәаабеит! Иахьа гәахәара дула иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәлари рыԥсҭазаара аганқәа зегьы рыҟны: анаука, акультура, агәабзиарахьчара, аҟазара, аспорт, аҵараиураҟны, ҳҳәынҭқарра аргылареи Ҳаԥсадгьыл аинтерсқәа рыхьчареи рыҟны зааԥсара рацәоу, злгаламҭа дуу ауаа.

 

Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!

Аԥсны жәлар рҿаԥхьа иҷыдоу абарҭ шәылшамҭақәа иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа иаԥсоуп аҟнытә ишәанашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден.

Иҳаҩсыз ашықәс азы ҳтәылаҟны Аиааира 30 шықәса ахыҵра азгәаҳҭон. Иахьа ара ҳаиқәшәеит Аԥсны жәлар рхатәҳәаақәҵара иазықәԥоз, ҳмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалахәыз иналукааша ауаа иҭабуп ҳәа шәаҳәарц азы. Шәара шәеиԥш иҟоу ауаа ирыбзоураны иахьа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахы иақәиҭуп, ахьыԥшымра азхаҵоуп, аҿиара амҩа иануп.

Ара иҟоуп зхы иамеигӡакәа, хацәнмырхаҵәҟьа короновирус апандемиа иаҿагыланы, апрофессионализм, агәымшәара, аҭакԥхықәра ду аарԥшны шәҩыла ҳауаажәлар реиқәырхара зылшаз. Ари азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит!

Ҳрызгәдуны рыӡбахә ҳҳәоит шықәсырацәала зусурала ҳҿар рзы иҿырԥшыганы иҟоу, ҳ-Республика ахьӡ ҭызго ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа. Дызусҭзаалак, дҵарауаҩыз, акультура аусзуҩыс, дыспортсменыз агәра ҳдыргеит иаҳа ианыуадаҩыз аамҭазы ҳаԥсадгьыл амаҵ ауразы рхы ишамеигӡо.

Зегьы хаҭа-хаҭала иҭабуп ҳәа шәасҳәоит ҳажәлар рымаҵ аураҟны шәааԥсаразы, иаашәырԥшуа ҳ-Аԥсадгьыл абзиабаразы".

Аҳәынҭқара Ахада ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, агәамч, Аԥсны Аҳәынҭқарра аизҳазыӷьаразы имҩаԥыжәго аусураҟны аихьӡарақәа.

 

«Ахьӡ-Аԥша»  I аҩаӡара ранашьоуп: Бебиа Сергеи Михаил-иԥа; Озган Константин Константин-иԥа (даныԥсы ашьҭахь).

«Ахьӡ-аԥша» аорден II аҩаӡара ранашьоуп: Аҩӡба Алла Оҭар-иԥҳа;

Аҩӡба Анатоли Мкан-иԥа;

Гәырџьуа Валери Теб-иԥа;

Зарандиа Заур Чанҭа-иԥа;

Қапба Аделаида Леонти- ипҳа;

Қапба Руслан Хәанеи-иԥа;

 

«Ахьӡ-Fԥша» аорден III аҩаӡара ранашьоуп:

Агрба Закан Алеқсеи-иԥа (даныԥсы ашьҭахь);

Агәмаа Лилиа Шамил-иԥҳа;

Акаҩа Иур Григори-иԥа;

Ануа Амра Григори-иԥҳа;

Арлан Валериан Виктор-иԥа;

Арсалиа Индира Артиом-иԥҳа;

Арҷелиа Анжела Алеқсеи-иԥҳа;

Аршба Давид Борис-иԥа;

Ахба Аслан Иаков-иԥа;

Барцыц Марина Мкан-иԥҳа;

Белиаева Алла Иван-иԥҳа;

Бжьаниа Владимир Тышь-иԥа;

Бжьинаа Давид Онери-иԥа;

Бигәаа Валери Леуард-иԥа;

Габуниа Џьума Мхаз-иԥа;

Гагәылиа Ҭамара Ионо-иԥҳа;

Гаргәылиа Лали Ҭамаз-иԥҳа;

Гьерхелиа Нонна Константин-иԥҳа;

Гыцба Леуанти Борис-иԥа;

Гәылиа Хьерсина Хьерсон-иԥҳа;

 Гәыниа Асҭамыр Қарбеи-иԥа;

Дашьиан Леуан Вагаршак-иԥа;

Еныкь Григори Ражьден-иԥа;

Занҭариа Дамеи Ҷыҷыкәа-иԥа;

Занҭариа Мимоза Платон-иԥҳа;

Зарандиа Лариса Борис-иԥҳа;

Ҟаитан Анри Руслан-иԥа;

Ҟаитан Ҭемыр Давид-иԥа (даныԥсы ашьҭахь). Качараа Ирма Михаил-иԥҳа;

Киут Валериан Николаи-иԥа (даныԥсы ашьҭахь);

Кьышьмариа Мадонна Қарбеи-иԥҳа;

Конџьариа Маиа Алеқсандр-иԥҳа;

Лагәлаа Иури Григори-иԥа;

Лагәлаа Анатоли Ианкәа-иԥа;

Лакоба Сариа Даур-иԥҳа;

Лашәриа Еҭери Виктор-иԥҳа;

Матуа Алиса Заур-иԥҳа;

Минџьиа Цақәа Ерасҭа-иԥҳа;

Оҭырба Лиудмила Аслан-иԥҳа;

Папба Цицина Сулҭан-иԥҳа;

Ԥиԥиа Инга Шьалуа-иԥҳа;

Сақаниа Сурам Михаил-иԥа;

Ҭарба Иван Дорофеи-иԥа;

Ҭарба Изабелла Ирод-иԥҳа;

Ҭаркьыл Нелли Аркади-иԥҳа;

Тәанба Руслан Рауф-иԥа;

Ҳагәышь Раиса Арут-иԥҳа;

Ҳалбад Нонна Виктор-иԥҳа;

Хәарцкьиа Иана Анатоли-иԥа;

Хәаҭланӡиа Џьульетта Иликәа-иԥҳа;

Хәырхәмал Шьазина Шьаиб-иԥҳа;

Ҷкадуа Ламара акип-иԥҳа;

Ҷолариа Борис Шьаликәа-иԥа;

Чубукова Лада Владимир-иԥҳа;

Шамба Хәыхәыт Арсент-иԥа.

 

 


Read 204 times - Ахәаша, 17 Лаҵара 2024 22:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.