АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Лаҵара.2024

Ҭҟәарчал ақалақь аҿы имҩаԥысит асоциалтә проектҟаҵара арҵара иазку ҩымштәи атренинг.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 16 рзы Ҭҟәарчал ақалақь, Иу. Н. Воронов ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №2 аҿы  ихыркәшахеит асоциалтә проектҟаҵара арҵара иазку ҩымштәи атренинг.  Апроект нагӡахоит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки рыла.

Атренинг аспикер, аҿартә еиҿкаара IQan ахантәаҩы Мате Цквитариа 9-11 аклассқәа рҵаҩцәа идирдырит асоциалтә проект аус адулара ашьаҭақәас иамоу, уи аҵакы, аформа, аҷыдарақәа ртәы рзеиҭеиҳәеит. Анаҩс ашкол аҵаҩцәа акомандақәа рыла рҽеихыршеит, урҭ хазы-хазы рхатәы социалтә проект аиқәыршәара рҽазыршәеит.  Иахьа акомандақәа аӡбаҩцәа ирыдыргалеит русура алҵшәақәа, аусураан ирызцәырҵқәаз ауадаҩрақәа, иқәдыргылаз ахықәкқәа, ирымаз аресурсқәа, уҳәа ирылацәажәеит, иара убас ахарџьынҵа еиқәдыршәеит.

Апроектқәа рыхьчара ашьҭахь, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки  русзуҩцәа рыла ишьақәгылоу акомиссиа аиааира згаз акоманда алнакааит. Уи аҿартә клуб аԥҵара иазку  апроект ҟазҵаз акоманда «Гении мысли» акәхеит.   Апроектҟаҵаҩцәа ҿарацәа афинанстә дгылара роураны иҟоуп.

Аиааира згаз акоманда иалахәыз ражәақәа рыла, дара русура аҿартә клуб ахьыҟам рықалақь аҿы даара актуалра злоу акакәны иҟоуп.

«Аклуб апроект аҟаҵара аидеиа – Ҭҟәарчал аҿар рыбжьара аибабареи аҿиареи рзы зегьы рыла иманшәалоу, ҳаамҭа иақәшәо аҵакыра аԥҵара ауп.  Иарбоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар арҿиаратә аланахаларақәеи аусмҩаԥгатәқәеи рыла рхы аарԥшра азы алшара роуеит.

Апроект акультуратә ҿиареи ауаа ҽыц рдырреи реибадырреи рзы алшара аԥнаҵоит», -ҳәа ирҳәеит дара.

Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿар рыҟәша аспециалист Хада Саманта Делба алахәылацәа рентузиазм дууи ас еиԥш аусура хра злоу аганқәеи азгәалҭеит.

«Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс ахаҭарнакцәа ари аҩыза аинтерес зҵоу апроект азы. Иҭабуп ҳәа иасҳәоит даара имариам аусура назыгӡо Мате Цквитариа. Ас еиԥш аамҭа кьаҿ иалагӡаны џьара акы дырҵара даараӡа иуадаҩу усуп, уи абаҩхатәреи адыррақәеи маҷымкәа аҭахуп. Аиашазы, даара имариам алхра ҳзыԥшын: аҿар русумҭақәа рӡыргара мҩаԥыргон даараӡа ибзианы, дара зегьы азеиԥш усура рхы аладырхәуан. Аха иҟоу аԥҟарақәа рыла, ҳара араҟа иалаҳкаарц ҳалшо проектк ауп», - ҳәа илҳәеит  Саманта Делба.

 

Анаҩстәи атренинг цәыббразазы амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.

 


Read 211 times - Ахәаша, 17 Лаҵара 2024 22:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.