АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Лаҵара.2024

Аҟәа ақалақь аҿы аӡахәааӡара азы атренингқәа мҩаԥысит.

Аҟәа. Лаҵарамза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 15 – 16 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи рзы арҵара-зыҟаҵаратә тренингқәа рцикл иацҵахеит.  

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәии ақыҭанхамҩатәи Аиҿкаара апроекттә офиси Аԥсны аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациеи рааԥхьарала аҭыԥантәи аспециалистцәа рзы атренингқәа мҩаԥигон Испаниатәи аексперт Емилио Пеиро. Иҳаҩсыз ашықәс азы иара аҭыԥантәи аспециалистцәа рзы атренингқәа мҩаԥигахьан, уи Аԥсны аӡахәааӡаратә усхкы аҷыдарақәа зеиӷьаҟам ала идыруеит.  

Емилио Пеиро имҩаԥигаз атренинг 30-ҩык рҟынӡа   аӡахәааӡаҩцәа еиднакылеит, уи ааԥынтәи аамҭахәҭа азы актуалра злоу атемақәа ирызкын.  

Атренинг актәи амш азы хадара злоу аетапқәа раҳасабала ааԥынтәи аҵиаақәа реилыхра атехника иалацәажәеит. Ахәҭакахьала, абарҭ аспектқәа ирыхәаԥшит:  аҵиаақәа реилыхра азы еиҳа иманшәалоу аамҭа; ихымԥадатәиу аинструментқәа; ажь аӡахәа аструктуреи аҽаҩраашьҭреи риӷьтәреи  рзы амахәқәа ииашаны реилыхра; аҵиаақәа аҳауа рыбжьысра аиӷьтәреи ачымазарақәа рацәыхьчареи рзы имыцху амахәқәа ииашаны рыхҵәара.

Атренинг аҿы ишьҭыхыз даҽа ихадоу теманы иҟалеит аӡахәаҭрақәа  рҿы аҵаргәақәа раҳасабала рхы иадырхәо ашпалерқәа. Аексперт  ашпалерқәа рыхкқәа ралхреи аминералтә рҵәырақәеи рзы хра злоу абжьгарақәа ҟаиҵеит.  Емилио Пеиро ихырҳагоу амаҭәашьарқәа разымхара арбагақәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит.

Атренинг аҩбатәи ахәҭа аҿы аексперт аӡахәааӡаҩцәа аҵиаақәа реилыхра апроцесс атәы инарҭбааны ирзеиҭеиҳәеит, иара убас урҭ рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.   Атренинг иалахәыз ари апрактикатә ԥышәа хра злоу акакәны ирыԥхьаӡеит, избан акәзар, урҭ ирҵаз аметодқәа лабҽаба ахархәашьа рбартә аҭагылазаашьа роуит.

«Ас еиԥш атренингқәа аҭыԥантәи аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи рзы ибзиоу платформаны иҟалеит, урҭ анаҩс рхы иадырхәо аԥышәеимадара рыбжьанаҵоит. 2023 шықәсазы  апроект ихнаркәшеит  5 тренингк, сынтәа еиҳаны атренингқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп», – ҳәа еиҭеиҳәеит апроект аменеџьер Омар Дахдули.

Аусмҩаԥгатәқәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатә-ажәтәии ақыҭанхамҩатәи Аиҿкаара апроекттә офиси Аԥсны аҩыҭаҭәаҩцәеи аӡахәааӡаҩцәеи Рассоциациеи инарыгӡо апроект «Иҭышәынтәалоу аӡахәааӡареи Аԥсны аендемикатә сортқәа рыхьчареи» («Устойчивое виноградарство и защита эндемичных сортов в Абхазии») аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Прочитано 182 раз. Последнее изменение 17.05.2024.

 

Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/11343-v-sukhume-proshli-treningi-po-vinogradarstvu.

© АПСНЫПРЕСС.

 


Read 199 times - Ахәаша, 17 Лаҵара 2024 20:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.