pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Ашәарҭадара Ахеилак Ахантәаҩы Ихаҭыԥуаҩ Д. Медведев Аԥсны Ахада Аиааира амш идиныҳәелит.

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

"Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!

Абри амш аҽны ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит 30 шықәса раԥхьа зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аԥҵаразы азин ашьақәырӷәӷәара зылшаз аԥсуа жәлар рфырхаҵара.

Иахьа Аԥсны хьаҳәа-ԥаҳәарада ҳаамҭазтәи адемократиатә уаажәларра аԥҵара амҩа иануп.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аиааира Амшныҳәа идиныҳәелит.

 

Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа,

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аиааиреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахьыԥшымреи рымш!

30 шықәса рышьҭахь аԥсуа жәлар фырхаҵарала аибашьраҟны ахақәиҭразы азин ашьақәырӷәӷәара рылшеит. Ари аиааира аҳәынҭқарра ахала аҿиареи жәларбжьаратәи ауаажәларра алахәразы азин  змоу ҳәынҭқарраны аҟаларазы амҩа аанартит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада Алан Гаглоев аԥшьаша ахәылбыҽха, Аԥсны Аҳәынҭқарра даҭааит Аиааира амши Ахьыԥшымреи 30 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа иҽрылаирхәырц азы.

Аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәааҿы ауаԥс делегациа дырԥылеит Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, иара убас аиустициа аминистр  Анри Барцыц, Гагра араион Ахада Иури Ҳагәышь.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 29 рзы Аҟәа ақалақьтә Еизареи Владикавказ  ақалақьтә Еизареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵара азы Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит.  

Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиеи Владикавказ ақалақь амуниципалтә еиҿкаара Ахада Алеқсандр Пациорини.

Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымшныҳәа 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аҟәа ақалақь ахь иааны иҟоуп Алеқсандр Пациорини уи ицхырааҩ Сослан Техови.    

Аҟәаҟа иара убас иааит Санкт-Петербург Азакәанԥҵаратә  Еизара адепутат, азинеиҿкаареи азакәанреи рзы есымша аус зуа акомиссиа алахәыла Владимир Носов напхгара зиҭо Санкт-Петербург ақалақьтә Еизара аделегациеи Москватәи ақалақьтә Дума ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, ақалақьтә нхамҩеи анхаратә политикеи рзы акомиссиа ахантәаҩы, аполитикатә партиа «Урыстәыла акзаара» афракциа анапхгаҩы Сҭеԥан Орлов напхгара зиҭо Москватәи ақалақьтә Еизара аделегациеи.

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Дмитри Осиа иҳәеит:

- Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара иадҳәалоу ҳгәырӷьара ду ҳацеиҩышәшарц шәахьааз иҭабуп ҳәа шәаҳәоит. Санкт-Петербургтәи Азакәанԥҵаратә Еизареи ҳақалақьтә Еизареи 2016 шықәса раахыс аусеицура ҳабжьоуп. Москватәи ақалақьтә Еизареи ҳареи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ҳҽазыҟаҳҵоит. Иахьа Алеқсандр Пациорини сареи Аҟәа ақалақьтә Еизареи амуниципалтә еиҿкаара – Владикавказ ақалақьтә Еизареи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара азы Аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳаҩуеит.  Жәаҳәарада, уи ҳреспубликақәа аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рыбжьара анаҩс аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иацхраауеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Амшынеиқәатә флот аракетатә дәыӷба маҷ «Циклон» цәыббрамза 30 рзы  имҩаԥысраны иҟоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы ахәаша, цәыббрамза 29 рзы Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаадгылеит.

Амшынтә баӷәаза асқьала аҿы урыстәылатәи амшынуаа ирԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак аделегациа алахәылацәа, атәылахьчра аминистр Владимир Ануа напхгара зиҭо Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аделегациа ахаҭарнакцәа, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа.

Аиԥылара аҿы иара убас Аԥсны атәылахьчара Аминистрра арратә оркестр ақәгылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵра иазкны имҩаԥгахо аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы Аԥсныҟа иаауеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак аделегациа, Ареспублика Башкортосҭан, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика, Ҟарачы-Черқессиатәи Ареспублика, Адыгатәи Ареспублика, Чечентәылатәи Ареспублика, Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика–Аланиа, Краснодартәи атәылаҿацә, Ленинградтәи аобласть, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика рҟынтәи аделегациақәа.

Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Ахада Алан Гаглоев напхгара зиҭо  аделегациа аилазаараҿы иҟоуп атәылахьчара аминистр Марат Павлов, адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, Аҳәынҭқарра Ахада ицхырааҩ Алан Ԥлиев.

Нхыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика–Аланиа аделегациа напхгара аиҭоит ареспублика Ахада  Сергеи Мениаило.  

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада идҵа инақәыршәаны, Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш 30-шықәса ахыҵреи Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи жәларбжьаратәи разхаҵара ҟалеижьҭеи 15 - шықәса аҵреи разгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рҽазыҟаҵаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа 1992–1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҳәса аветеранцәеи аинвалидцәеи  Аиааира Амшныҳәа  30-шықәса ахыҵра аламҭалазы 10 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡо зныктәи аԥаратә цхыраагӡатәқәа рызшәара азы аӡбамҭа аднакылеит.  

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада идҵа инақәыршәаны, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амшныҳәа 30-шықәса ахыҵра аламҭалазы Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа зехьынџьара аиқәыршәазааратә усурақәа ркомплекс мҩаԥган, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аекономиа Аминистрра.

Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхыраара аҭара иазку Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны Ԥсоуи Аҟәеи еимаздо ареспубликатә трасса арлашаратә система шьаҭанкыла еиҭашьақәыргылан.  «Аҟәеи Очамчыреи еимаздо атрасса ахәҭа арлашаратә усурақәа хыркәшоуп.

Ареспубликатә унитартә наплакы «Аԥснымҩа» Ԥсоуи Егри еимаздо ареспубликатә траса  иахьаҵанакуа амҩа иаԥну атерриториа аҿы мҽхакы ҭбаала арыцқьаратә, ашәратә, амҩатә дыргақәа рышьақәыргыларатә, уҳәа  аусурақәа мҩаԥнагеит.

Аихамҩатә инфраструктура аиқәыршәазаара азы аусмҩаԥгатәқәа ркомплекс Ареспубликатә унитартә Наплакы «Аԥсны аихамҩа» амчала имҩаԥгоуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит: Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу аихамҩатә вокзал шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аихамҩатә вокзал аҿы аиҭашьақәыргылара-рҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара, аплатформа «Абаҭаа» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара, уахь иаҵанакуеит адәыӷбадгыларҭа аҿы ашьаҟамҩатә хаҳәцәы ақәҵара, аплатформа абаркьылҭаԥсеи ахыби реиҭашьақәыргылара.

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи Рымш аламҭалазы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы «Аамҭа акапсула» шьҭарҵеит. Ари акапсула хдыртуеит 50 шықәса рышьҭахь  – лаҵарамза 13, 2073 шықәса рзы,  Ареспублика  Аԥсны азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа раԥҵара 150-шықәса ахыҵра амш аҽны.

Акапсула ашьҭаҵара аламҭалазы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы ацҳамҭа атекст даԥхьеит:

« «Аамҭа акапсула» ҳара иҭаҳҵеит: Аԥсны Аҳәынҭқарра азеиԥш иурисдикциа аӡбарҭақәа раԥҵара амш инаркны 100-шықәса аҵра азгәаҭара аҟынтәи афотоахьақәа; «Аамҭа акапсула» ахҩара аамҭазы аус зуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аҳамҭатә ҭыжьымҭақәа; Аршаҳаҭгақәа зцу Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа анапхгаратә ҳамҭақәа; Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ала иҭыжьыз Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Абиуллетень, Амонографиа «Ареспублика Аԥсны аӡбаратә мчра аҭоурых», «Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Астатистикатә Еизга (1994-2022 гг.)».

Аҟәа. Цәыббрамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы ахәаша, цәыббрамза 29 рзы, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ари аҵараиурҭа  96-ҩык аусзуҩцәа рбаҟа аартра ацеремониа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит ААУ аинформациеи амассатә коммуникациақәеи рыҟәша.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит ААУ аректор, академик Алеко Гәарамиа, урыстәылатәи аполитикатәи аҳәынҭқарратә усзуҩ, ААУ ҳаҭыр зқәу адоктор Сергеи Бабурин, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, аҳәаанырцәтәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама Ахада, Виссарион Аԥлиаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра аиҳабы Дмитри Федотов, иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи, аҵараиурҭа арҵаҩцәа, астудентцәа.

Абаҟа, «здаҟьақәа» 96-ҩык иҭахаз аибашьцәа рыхьӡқәеи рыжәлақәеи згәыԥҟаау, аџьаз иалху иаарту ашәәҟы асахьа аманы иҟаҵоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.