«Абри азҵаараҟны, ҳәарада, апроблемақәа ҳамоуп. Иахьатәи аилацәажәарахь аспециалистцәа, алингвистцәа, абызшәадырҩцәа ааҳаԥхьеит. Зыгәра зго аекспертцәа шәгәаанагара саҳар сҭахуп. Ҳаидгыланы ҳхатәы бызшәа аҿиара амҩақәа рыԥшаара ҳалагароуп», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Аилацәажәара иалахәыз абызшәа аҿиареи аларҵәареи ирԥырхагоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иҟан абызшәа аиқәырхаразы шьаҭанкылатәи азнеишьақәеи амыругақәеи рыда ԥсыхәа ыҟам ҳәа агәаанагарақәа. Иазгәаҭан статиақәак иахьа аус шырымуа, убри аҟнытә «Аҳәынҭқарратә бызшәазы» Азакәан аԥсахрақәеи ахарҭәаарақәеи ралагалара шаҭаху.
Аиԥылара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, абызшәадырҩцәа, алингвистцәа, абызшәа иазку аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәақәак.