АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Лаҵара.2024

Аслан Бжьаниа аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ареконструкциа азҵаарақәа рыла акоординациатә штаб аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 15 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Бабашьыра аҳирбаӷәаза адгьылҵакыраҟны иҟоу В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аиҭашьақәыргылареи аргылареи рызҵаарақәа рзы акоординациатә штаб анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» аусура аиҭахацыркреи уинахыстәи аусуреи рзы апроект анагӡара аҳәаақәа ирҭагӡаны аилацәажәара алахәцәа арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит.

Иахьа аинерттә материалқәа рышьҭаҵарҭақәа рыргаларазы аусеиҿкааратә база азырхиаразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Ихыркәшоуп ацемент-бетонтә зауадқәа руасхыршьҭаҵаразы аусурақәа, ихацыркуп дара азауадқәа реибыҭара аус. 

Аусеиҿкааратә база ҭахкаауп, амаҭәахә аагара иалагоуп. Ашьҭԥраара-ртәаратә цәаҳәа, аԥсҟырҵәиратә мҩақәеи адгыларҭеи реиҭашьақәыргылара мҩаԥысуеит аамҭеихшара иақәыршәаны. 

Аҳәынҭқарра Ахада анапынҵа ҟаиҵеит апроект анагӡара иадԥхьалоу аминистррақәеи аусбарҭақәеи русеицура арӷәӷәаразы.

Аилацәажәара ахыркәшара ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахада ашьҭԥраара-ртәаратә цәаҳәаҟны аусурақәа шымҩаԥысуа дахәаԥшны ибеит.  Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит ауснагӡатәқәа рынагӡара ахаҭабзиареи апроект анагӡаразы иазгәаҭоу аҿҳәара иазку аамҭеихшареи рықәныҟәара, ҭакԥхықәрала рызнеира шаҭаху атәы. 

Аԥхьаҟа, иааиуа атуристтә аамҭазы иазԥхьагәаҭоуп еиԥҟьарада авиеимадара аиҭшьақәыргылара. Уанӡа, ҳазҭоу ашықәс азы имҩаԥысраны иҟоуп аҳаирпланқәа рдәықәҵареи рыдкылареи ртехнологиа аус адулара алзыршо атесттә реис.

Аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Иҷыдоу  аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, Аҳәӷнҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы Ҭемыр Ахьиба.

 


Read 224 times - Ахаша, 15 Лаҵара 2024 22:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.