АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Лаҵара.2024

Лаҵарамза 15 рзы иԥсы ҭазҭгьы Константин Озган 85 шықәса ихыҵуан.

Аҟәа. Лаҵарамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамза 15 рзы еицырдыруаз ауаажәларра-политикатә усзуҩ Константин Озган иԥсы ҭазҭгьы 85 шықәса ихыҵуан. 

Константин Константин-иԥа Озган диит лаҵарамза 15, 1939 шықәса рзы Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан.  

1967 шықәсазы Ақырҭуа субтропикатә нхамҩа Аинститут далгеит.

1967 - 1976 шш. Гәдоуҭатәи ачаифабрика аҿы асмена аиҳабыс, анџьныр хадас, анаҩс адиректорс аус иуан.

1976-1978 шш. – Гәдоуҭа араион анагӡаратә комитет ақыҭанхамҩа Аусбарҭа анапхгаҩыс аус иуан.

1978 - 1989 шш. – Гәдоуҭа апартиа араионтә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ, аамҭак ала (1978-1990 шш.) Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс дыҟан.  

1978-1987 шш. – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.  

1981 шықәсазы ибзиаӡаны далгеит Асовет Еидгыла Акоммунисттә Партиа Ацентркомитет аҟны иҟаз Иреиҳаӡоу апартиатә школ.  

1987 - 1990 шш. – Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩыс дыҟан.

1978 шықәсеи 1989 шықәсеи рзы  – активла Аԥсны имҩаԥысуаз аполитикатә қәгыларақәа, аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далахәын. Аԥсуа жәлар рмилаҭтә хақәиҭратә қәԥара активла алахәхаразы Константин Озган Қырҭтәыла анаԥхгара аԥшьгарала иааникылоз Гәдоуҭатәи апартиа араионтә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭыртәит.  

1989 шықәсазы еицҿакны Гәдоуҭатәи араионтә анагӡаратә комитет ахантәаҩыс далырхит. Иара убасҟанҵәҟьа, Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалтә Республика Апрокуратура аԥшьгарала Асовет Еидгыла Апрокуратура ала аполитикатә хҭысқәа ралахәхара азы Константин Озган иганахьала ашьаусеилыргара хацыркхоит.

1989-1994 шш. – Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациа активла иҽалаирхәуеит; Кавказ Ахьыԥшымра Акомитет (КНК) кавказтәи аилазаарақәа Ркомитет ахантәаҩыс дыҟан.

1991 - 1996 шш. – Иреиҳаӡоу Асовет – Ареспублика Аԥсны Апарламент адепутат; Апрезидиум алахәыла, асоциал-економикатә ҿиара азы Акомитет ахантәаҩы.

1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан  атәыла ахақәиҭраз илагала ду алоуп – Атәылахьчара Аҳәынҭқарратә еилакы далахәылан. Нхыҵ Кавказынтәи, Урыстәыла аказакра, иара убас хара аҳәаанырцәынтәи хатәгәаԥхарала еибашьра иаауаз рыбжьара мҽхакы ҭбаала аусура мҩаԥигон.

Аԥсны анапхгара рнапынҵала изныкымкәа Нхыҵ-Кавказтәи ареспубликақәа рнапхгаҩцәа дырԥылахьан.

Алада Урыстәыла аказакреи Кавказ ашьхарыуа жәларқәа Рконфедерациеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра абжьаҵара аиҿкааҩыс дыҟан. (1993 ш.).

1996 - 1997 ш. – Ареспублика Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс дыҟан.

1997 - 1999 шш. – Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс, аекономика аминистрс дыҟан.

Ԥхынҷкәынмза, 1999 шықәса инаркны 2002 шықәсанӡа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәахтә маҵзура ахантәаҩыс дыҟан.

2002 шықәса инаркны 2007 шықәсанӡа – Аԥсны Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.

2009 шықәса инаркны иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рҟынӡа ареспублика абыргцәа Рхеилак дахагылан.

Константин Озган иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәсазы.

Ианашьоуп аорденқәа «Аҳаҭыр Адырга» ( «Знак Почета»),  «Ахьӡ-Аԥша» I, II аҩаӡарақәа, ԥсрашьҭахь ианашьан Леон Иорден. ***

 

 

 

 

 


Read 156 times - Аԥшьаша, 16 Лаҵара 2024 00:09
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.