Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Лакоба иԥшәмаԥҳәыс Сариа Лакоба дижьҭеи 120-шықәса аҵра инамаданы, Аҟәа ақалақь аҿы игылоу апрлитикатә репрессиақәа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
Иналукааша аполитикатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ, ареволиуционер, аԥсуа жәлар рхақәиҭра азықәԥаҩ Нестор Лакәаба иԥшәмаԥҳәыс, лаҵара 16, 1939 шықәсазы қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа лызхымгакәа лыԥсҭазаара далҵит.
85 шықәса раԥхьа қарҭтәи абахҭаҿы аргәаҟрақәа зызхымгакәа зыԥсҭазаара иалҵыз Сариа Лакәаба дыргәаладыршәит Аҟәа.
Асааҭ 18:00 рзы С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы Сариа Лакоба ргәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит.
Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵарц арахь иааит акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр, Ауаажәларратә Палата алахәылацәа, атәыла ауаажәларратәии аполитикатәи аусзуҩцәа.