Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, аветеранцәа иранашьан ашәҭ шьыҵәрақәа, ахаа-мыхаақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи.
Аҟәа. Лаҵарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата лаҵарамза 9 аламҭалазы акциа «Сара светеран» мҩаԥнагеит.
Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә Палата аусзуҩцәа 1941 – 1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеранцәа рыҩнқәа рахь инеины ирҭааит, Аиааира Ду Амшныҳәа рыдырныҳәалеит.
Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, аветеранцәа иранашьан ашәҭ шьыҵәрақәа, ахаа-мыхаақәеи аԥаратә ҳамҭақәеи.