Аслан Бжьаниа Владимир Путин Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны Аиаара 79 шықәса ахыҵра амш идныҳәало, иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи "ҳабацәа иаадырԥшыз ахамеигӡареи, афырхаҵареи ҳшеидыркыло". Аслан Бжьаниа иара убас Урыстәыла ҳаиашьаратә жәлар зегьы ирзеиӷьеишьеит агәамч, Аԥсадгьыл аизҳазыхьара иазку аихьӡарақәа.
Владимир Путин Аслан Бжьаниеи аԥсуа жәлари Аиаара Ду амш рыдныҳәало, иҳәеит "аибашьра ашықәсқәа раан иӡрыжәхаз ҳаиашьаратә еимадарақәа аԥхьаҟагьы ҳҳтәылақәа рыбжьара аидгылареи астратегиатә усеицуреи рганахьала ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара шьаҭас иироуеит ҳәа игәы ишаанаго. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иара убас аҳәара ҟаиҵеит Аԥсны иқәынхо Аџьынџьтәылатә еибашра ду аветеранцәа зегьы ихьӡала "гәыкала иҭабуп" ҳәа рарҳәарц.