
pressadmin-2
Ибрахим Аҩӡба: Ҭырқәтәыла шәнызықьҩыла иқәынхо аԥсуаа рыхьӡала агәаанагара аҳәара ииашаӡам.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭырқәтәыла иҟоу Аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Ахаҭарнак аџьынџьуаа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
«Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауаажәларра рҿы апартаменқәа рыҭира азы азакәан апроект активла алацәажәара мҩаԥысуеит. Ареспублика Аԥсны Ахаҭарнакра Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспора ауаажәларратә еиҿкаарақәа рҟынтәи адиаспора зегьы рыхьӡала агәаанагара аҳәра азы Аԥсныҟа аӡәы ддәықәҵоуп ҳәа адырра сымаӡам», - ҳәа иаҳәоит ашәҟәы аҿы.
Ибрахим Аҩӡба «Ҭырқәтәыла шәнызықьҩыла иқәынхо аԥсуаа рыхьӡала агәаанагара аҳәара азы аҭакԥхықәра зхахьы изго адиаспора хазы игоу ахаҭарнакцәа рхымҩаԥгашьа иашам», ҳәа иԥхьаӡоит.
Басла аӡиас иху «Ацҳа Ҟаԥшь» аԥштәы аздырхынҳәит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Басла аӡиас иху «Ацҳа Ҟаԥшь» аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахыркәшамҭахь инеиуеит. Цәыббрамза 27 рзы, Аҟәа ақалақь Қырҭтәылатәи аҳәынҭсовет архәҭақәа рҟынтәи ахақәиҭтәра Амш 30-шықәса ахыҵра аҽны, аусурақәа зегьы хыркәшахоит.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба иажәақәа рыла, ари ацҳа аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟақәа ирыҵанакуеит, насгьы иҷыдоу асимволтә ҵакы амоуп, избан акәзар, араҟоуп, нанҳәамза 14, 1992 шықәсазы аԥсадгьыл ахьчаҩцәа раԥхьатәи аӷа иҿагылара ахьымҩаԥыргаз.
Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Косачиов Иирамш идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Косачиов Иирамш идиныҳәалеит.
Адныҳәалараҟны иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Константин Иосиф-иԥа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Шәира амш!
Урыстәылатәи Афедерациа аҳәынҭқарратә мчхара аусбарҭақәа рыҟны Шәара шәусуреи хаҭалатәи шәҟазшьақәеи аҳаҭыри ахьӡ-аԥшеи шәрыԥсаны шәҟарҵеит.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Шәара шәырдыруеит традициала ишьақәгылаз аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәеи апарламентбжьаратә усеицура рыҿиареи рус аҟны злагаламҭа дуу ҩыза гәакьак иаҳасабала.
Шәыпрофессионализм, шәԥышәа, шәгәамч аԥхьаҟагьы ҳҳәынҭқаррақәа рыжәларқәа реизҳазыӷьара иазкызааит.
Ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳабжьара ишьақәгылаз агәреибагара, есқьынгьы аиԥылара ҿыцқәа ҳарзыԥшуп, гәахәас иҟаҳҵоит.
Ҳаҭыр зқәу Константин Иосиф-иԥа, гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аихьӡарақәа, анасыԥ!».
Акультура аминистр Амилаҭтә библиотека адиректор ииубилеи идиныҳәалеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура аминистр Даур Ақаҩба И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа ииубилеи идиныҳәалеит.
Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭаахьала иазгәаҭоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Борис Шьаликәа-иԥа! Ари аныҳәатә мшы азы Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура Аминистрра ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи Шәара шәиубилеи – 75-тәи шәира Амш инамаданы, гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара шәыдышәкылар ҳҭахуп.!
Абиблиотекатә ус аҿы зеиӷьаҟам аспециалист, Амилаҭтә библиотека афонд аизакреи арҭбаареи рызҵаарақәа аӡбара активла иалаху, аиҿкааҩ бзиа, анапхгаҩы иаша, Шәара шәҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоуп ахақәкынагӡара, алак-ҩакрада, аамсҭашәара. Шәара шәнапхгарала Амилаҭтә библиотека аиашазы амилаҭтә информациатә центрны, ҳажәлар ркультуратә хәдуқәа рыҵәахырҭаны иҟалеит».
Ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа аҿы аусуратә персонал азымхара ыҟоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа шықәсык еиҳаны Аҟәа ақалақь Ахадара афинанстә цхыраара иабзоураны Аҟәа араион Ӡыгәҭа ақыҭан аус ауеит ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа.
Ари ахынкыдкыларҭа анапхгаҩы Виола Берзениа Аԥсныпрес акорреспондент диҿцәажәо, иахьазы араҟа аҭагылазаашьа зеиԥшроу, уадаҩрақәас иҟоу дрылацәжәеит.
Ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа аргыларазы аидеиа агәыҳалалратә фонд «Агәыӷра» аҿы ицәырҵит. Уи адгылара аиуит аҳҭнықалақь Ахадара аҿы.
«Ас еиԥш иҟоу алақәа рзы иҷыдоу аҭыԥ аԥҵара ахымԥадатәра Аԥсны еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы хылаԥшрада адәы иқәхаз алақәа зхыԥхьаӡара акыр аизҳара иадҳәалахеит. Шәареи ҳареи зегьы иҳамбар залшаӡоим урҭ рхыԥхьаӡара есааира ишазҳауа. Ари апроблема иахьа уажәраанӡагьы актуалра шаҵац иаанхоит. Излауа ала, маҷк иадамзаргьы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа армариара хықәкыс иҟаҵаны, иргылан ари аԥстәқәа рхыҵакырҭа. Ҳара иаҳзоурыжьит Ӡыгәҭа ақыҭан атерриториа, анаҩс араҟа аргыларатә усурақәа ирылагеит. Иахьазы араҟа иҟоуп 45 рҟынӡа алақәа, 16 волиер – 15 идуу, акы - ихәуҷу. Аволиерқәа зегьы ҭәуп, аҭыԥ ҳазхаӡом, ҿыц аԥстәқәа рыдкыларазы алшара ҳамаӡам», – ҳәа илҳәеит лара.
Араантәи аԥстәқәа анырго лассы-лассы иҟалалома, ҳәа ажурналист изҵаара аҭак ҟаҵо, Виола еиҳа ирго ашьацқьа злоу алақәа роуп, егьырҭ бжеиҳан аӡәгьы иҭахӡамкәа ианнхоит, ҳәа иазгәалҭеит.
«Ҳара иҳақәшәон анемецтә овчарка, курцхар, доберман, уҳәа ашьацқьа злоу ажәла змоу алақәа – урҭ иаразнак еимҵәаны иргоит. Егьырҭ, аҩны ахьчараҿы аума, ауаҩы гәыкала изыҟзаара аганахьала аума џьара акала ишеицәамгьы араҟа иаанхоит. Ҳлақәа зегьы алаҵа рымоуп, рцәаҿы аԥхасҭа зырҿио аӡқәеи апаҿа қәеи рҟынтәи иахәҭоу амаҭәашьарқәа рыла аус рыдулоуп», - ҳәа илҳәеит лара.
Уажәы ԥшәымада иаанхаз алақәа рзы аамҭалатәи ахынкыдкыларҭа аҿы аусуратә персонал ӷәӷәала азымхара ыҟоуп.
«Раԥхьа ҳара аперсонал азымхара ҳамаӡамызт, активла иҳацхраауан аволонтиорцәагьы. Аԥстәқәа рхынкыдкыларҭа аартра раԥхьатәи амшқәа инадыркны аштат аҿы дыҟан аветеринар, иҟан иара убас ҩыџьа аусзуҩцәа, урҭ алақәа крырҿаҵареи аволиерқәа рҿы аилыргареи иазкын. Есышьжьымҭан арахь иааны алақәа ирыхәаԥшуан, ирхылаԥшуан, аволиерқәа еилдыргон, алақәаа лшьапы еиҵырхырц азы иҭахкаау аҵакыраҿы ҳамҭакы иоурыжьҭуан», - ҳәа еиҭалҳәеит Виола Берзениа
Цәыббрамза 21 инаркны 29-нӡа Аԥсны имҩаԥыслоит апленертә ҟазара Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-конкурс.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 21 инаркны 29-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет Евразиатәи Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла (ЕХС) урыстәылатәи аҟәша иҟанаҵаз адгыларала Аԥсны имҩаԥнагалоит апленертә ҟазара Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа-конкурс.
Ари аусмҩаԥгатә аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҿыханҵа азы амастер-классқәа мҩаԥгахоит, урҭ рхы аладырхәырц рылшоит уи азы агәазыҳәара змоу зегьы – ҿыц аҿиарамҩа ианыло асахьаҭыхыҩцәа реиԥш апрофессионалцәагьы.
Пленерқәа мҩаԥгахоит Гагра, Пицунда, аӡиа Риҵа аҿы, Афон Ҿыци Ҭҟәарчали.
Ҟабарда-Балкариантәи иааны Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа ԥсшьараҳәа Аԥсныҟа иаауеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 200-ҩык инареиҳаны ԥсшьараҳәа Нальчик ақалақь аҟынтәи Аԥсныҟа амҩа иқәлеит. Уи, 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан хатәгәаԥхарала еибашьуаз, иҭахаз рҭаацәа роуп. Дара иара убас рыуацәа анышә иахьамадоу аҭыԥқәа ирҭаауеит, Аԥсны Аиааира Амш 30-шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәуеит.
Нальчик ақалақь аҿы иҟоу Аԥсны аплошьад аҿы еизеит аԥснытәи хатәгәаԥхарауаа рыуацәа, анапхгареи ауаажәларратә еиҿаарақәеи рхаҭарнакцәа. Урҭ 1992 – 1993 шш. рзы бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылараан аиашьаратә республика ахақәиҭра иазықәԥоз ргәалашәаразы иргылоу абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, амитинг мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит «Вести Кабардино-Балкарии».
Усҟан Ҟабарда-Балкариантәи Аԥсны ахьчаразы 59-ҩык ҭахеит.
Аҟәатәи ашколқәа 8 – 9-тәи аклассқәа рзы арҵагашәҟәқәа рзыршеит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҵара Аминистрра 8 – 9-тәи аклассқәа рзы 32 нызықь инарзынаԥшуа арҵагашәҟәқәа рзоунажьит. Аҵара аминистр Инал Габлиа иарбан маҭәарқәеи урҭ зызкхои ртәы далацәажәеит.
«Иахьа 8-9 аклассқәа рзы 32 749 екземплиар рҟынӡа инаӡо даҽа партиак ааит. Уи аурыс бызшәеи алитературеи, Урыстәыла аҭоурыхи алгебреи рзы арҵагашәҟәқәа роуп», - ҳәа еиҭеиҳәеит аминистр.
Уи арҭ арҵагашәҟәқәа ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи рзы даара ицхыраагӡа дуухоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара Урыстәыла аҵара Аминистрра иҟанаҵаз ацхыраара даара ҳаҭыр ақәысҵоит. Арҵагашәҟәқәа раахәара иақәхарџьхеит 22 млн 500 нызықь мааҭ. Ари уажәы иаахьоу рҟынтәи ахԥатәи апартиа ауп. Иахьа инаркны ҳара ашәҟәқәа ашколқәа рызшара ҳалагоит, ҳазхәыцуеит аринахысгьы ашәҟәқәа раагара шалыршахо атәы», – ҳәа иҳәеит Инал Габлиа.
Арҵагашәҟәқәа рыҭара аҟәатәи ашколқәа рыла иалагеит, урҭ роуеит иара убас араионқәа рышколқәа зегьы.
Аминистр иажәақәа рыла, Аԥсны уаанӡа ашколтә рҵагашәҟәқәа рганахьала ӷәӷәала разымхара ыҟан.
Нхыҵ Кавказтәи ареспублика аҟынтәи 850-ҩык рҟынӡа асасцәа Аԥсны Аиааира агареи ахьыԥшымреи инарымаданы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара азы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адыгеиа, Ҟарачы-Черқьессиа, Ҟабарда-Балкариа, Чечентәи Ареспублика, Аахыҵ Уаԥстәылеи Нхыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз, иара убас урҭ рҭаацәеи аԥсшьареи Аԥсны Аиааира агареи ахьыԥшымреи инарымаданы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхареи рзы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.
Нхыҵ-Кавказынтәи хатәгәаԥхарала еибышьуаз рымадара азҵаарақәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, Нхыҵ Кавказтәи ареспублика аҟынтәи 850-ҩык рҟынӡа асасцәа Аԥсны Аиааира агареи ахьыԥшымреи инарымаданы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхара азы Аԥсныҟа иаараны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аҟәа ақалақь аҿы самбо азы XX Жәларбжьаратәи аицлабрақәа мҩаԥгахоит.
Аҟәа. Цәыббрамза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 22 – 24 рзы Аҟәа ақалақь аҿы самбо азы XX Жәларбжьаратәи аицлабрақәа «Аиааира Ахраҿа» мҩаԥгахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Жәларбжьаратәи атурнир аибашьцәа-аинтернационалистцәеи 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара 30-шықәса аҵреи иазкуп. Аицлабрақәа мҩаԥгахоит Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы.