pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи амаамынқәа рааӡарҭа аӡынтәи ахьшәашәарақәа иазхиоуп. Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо абри атәы иҳәеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аексперименталтә паталогиеи атерапиеи рзы Анаукаҭҵааратә Институт адиректор Зураб Миквабиа. Иабоу амаамынааӡарҭа Аинститут абазаны иҟоуп.

Зураб Миквабиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аӡынтәи аамҭахәҭазы амаамынқәа ахьҭаку ауадақәа зегьы рԥхахоит.

«Аӡынтәи аамҭахәҭа ҳара заанаҵы аҽазыҟаҵара ҳалагоит. Ҳара аклеткақәа рҿы апрофилактикатә усурақәа наҳагӡеит, иҿыцу арԥхагатә бак аахәаны ишьақәҳаргылеит. Иахьазы амаамынқәа рзы аӡынтәи ауадақәа зегьы рҿы иԥхарроуп», -ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәатәи амаамынқәа рааӡарҭаҿы иҟоуп 11хкы рҟынӡа априматқәа. Урҭ реиҳарак – апавианқәа гамадилақәа роуп, иара убас амакака резусқәеи амакака иапантәи, амакака мангобеи, амакака лапундра, акапуцинақәа ыҟоуп.

Иахьа апитомник аҿы иҟоуп 420 маамын.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы есышықәсатәи аихшьаалатә цәыргақәҵа «Ашықәсан иреиӷьу аусумҭа» аартра иазкны аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит. Сынтәа аекспорзициа иалагалоуп  2023 шықәса аҩныҵҟа иаԥҵаз  50 инарзынаԥшуа аҿыханҵа, аграфика, аскульптура, уҳәа аусумҭақәа.

Ацәыргақәҵа аныҳәатә хәҭа аартуа, ацәыргақәҵатә зал Хада адиректор Ельвира Арсалиа иааиз зегьы бзиала шәаабеит ҳәа ралҳәеит:

«Ацәыргақәҵа «Ашықәсан иреиӷьу аусумҭа» Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла азы аихшьаалатә усмҩаԥгатәны иҟоуп. Есышықәса, ԥхынҷкәынмзазы имҩаԥгахо ари ацәыргақәаҵа иабзоураны, ахәаԥшцәа ашықәс аҩныҵҟа иаԥҵаз аусумҭақәа рбаразы алшара роуеит. 13-ҩык рыла ишьақәгылоу, зеилазаараҿы асахьаҭыхыҩцәа, аскульпторцәа  ыҟоу акомиссиа иреиӷьу х-усумҭак алнахит. Иара ацәыргақәҵа ахаҭа хра злоу ҟазшьас иалоу, уи ҳаамҭазтәи аҟазара аихьӡарақәа аанарԥшуеит», –  ҳәа илҳәеит лара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 16-17 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуан ашахматқәа рзы  Аԥсны ачемпионат.  Уи рхы аладырхәит Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи еиуеиԥшым ақәрақәа змаз 160-ҩык инареиҳаны ашахматистцәа.

Ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит х-турнирк: МД 9 (2014 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбууи аспортсменцәа рыбжьара), атурнир МД 12 (2011 шықәсазы иизи урҭ иреиҵбууи аспортсменцәа рыбжьара), иара убас атурнир А (ихадоу).

Аиҳабацәа рыбжьара Аԥсны дачемпионхеит 12-шықәса зхыҵуа Нестор Багаҭелиа (ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Ҭрисҭан  Кәарацхьелиа (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Артиом Табариан  (ақ. Аҟәа).

Аветеранцәа рыбжьара аиааира игеит - Борис Наҟоԥия (ақ.Очамчыра), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - Евгени Равдин (Гәылрыԥшь аҳабла), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Константин Ҭыжәба (ақ. Аҟәа).

16 шықәса зхымҵыц аспортсменцәа рыбжьара аиааира ргеит - Армен Топчиан (Гәылрыԥшь аҳабла), Сарида Лакәатаа (ақ. Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Богдан Турков (ақ. Аҟәа), Софиа Каменскаиа (ақ. Шәача), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Дениел Полеи (ақ. Аҟәа).

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.   Атәылахьчара Аминистрра ахысырҭатә дәқәа рҿы арезерв иаҵанакуа ахысратә бригадақәа рыԥшыхәратә ротақәа алархәны иҷыдоу атактикатә  зыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит.   

Арезерв иаҵанакуа ахысратә бригадақәа рыԥшыхәратә  ротақәа имҩаԥыргаз арратә зыҟаҵарақәа рҿы аԥшыхәразы еиуеиԥшым атехникатә хархәагақәа рзы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара еиздырҳаит, аԥсҭазааралшареи ахаҩарҭа аиҿкаареи иумбартә аҽыҟаҵареи, иара убас аҽыхьчаратә еидыслараҿы ахымҩаԥгашьеи, уҳәа рзы априомқәа нарыгӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчаа Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа.  Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 18 рзы Гал араион ауааԥсыра Ареспублика Аԥсны иаку асоциалтә ҵакыра ахь ринтеграциеи амилаҭбжьаратәи азҵаарақәеи рзы Ауаажәларатә Палата Акомиссиа аԥшьгарала, уи ахада Давид Ԥлиа ихантәаҩрала Аԥсны Жәлар Реизара асессиа аилатәара аҿы ирыдыркылаз, заԥсуа милаҭреи заԥсуа жәлеи реиҭашьақәыргылара зҭаху аԥкрақәа рхызхуа «Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа рзы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан азҵаара иазкыз аилатәара мҩаԥысит.  

Аилацәажәара ашьҭахь Ауаажәларратә Палата алахәылацәа реиҳараҩык ақәыршаҳаҭны ааԥхьара рыдыркылеит: 

«Апарламент адепутатцәа ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса рзы имҩаԥысыз асессиа аилатәараҿы «Атәылауаҩратә ҭагылазаашьазы актқәа рзы»  Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект рыдыркылеит. 

Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата алахәылацәа арҭ аиҭакрақәа даара хра злоу акакәны ирыԥхьаӡоит, иагьадгылоит.   Ари ахҭыс ҳауаажәларра аҿы еиԥшӡамкәа иазнеит, уи иагьеилкаауп, избан акәзар, амилаҭтәи ажәлатә еиҭакрақәеи ртема ахааназгьы акыр акәама-ҵамақәа ацны иҟан, насгьы аҵыхәтәантәи аамҭазы, иара уеизгьы иуадаҩу агеополитикатә ҭагылазаашьеи аԥсуа-қырҭуатә конфликт аҭышәымтәалареи ҳасаб азуны амилаҭтә хдырраа иааизакны Ареспублика Аԥсны амилаҭтә шәарҭадара иадырҳәалоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апрофессионалтә бокс азы Аԥсны еизгоу акоманда алахәыла, ҳара ҳџьынџуаҩ, ААУ астудент Енвер Бзагәа апромоутортә еилазаара «ATILGAN PRODUCTION» еиҿнакааз апрофессионалтә бокс ахәылԥаз «ATILGAN FIGHT NIGHT X» аҿы Аԥсны ахьӡала дықәгылеит. Иара ирантәи абоксиор Саџьад Хабиб дииааит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Аиндаҭлара ԥхынҷкәынмза 15 рзы Анкара ақалақь, апрофессионалтә бокс ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭемыр Лакербаиа апрофессионалтә домино азы  Ареспублика Аԥсны XV ачемпионат аҿы аиааира игеит.  Абри азы адырра ҟаиҵеит Аԥсны адомино Афедерациа Апрезидиум ахаҭарнак Константин Шьаҟрыл.

Араӡнытә аԥхьахә игеит Алмас Габуниа, ахԥатәи аҭыԥ (аџьазтә аԥхьахә) игеит Денис Смыр.

Ачемпионат мҩаԥысуан ԥхынҷкәынмза 16-17 рзы Афон Ҿыц ақалақь аҿы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Вичеслав Володин Белоруссиеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рпарламентбжьаратәи аусеицура далацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит Аинформациатә Маҵзура «ТАСС».

«Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин Ареспублика Белорусь Амилаҭтә Еизара ахантәаҩы Владимир Андреиченкои Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәбеи Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент аиҳабы Алан Алборови алархәны Москва ақалақь аҿы  аиԥылара мҩаԥигеит. Аиԥылараҟны Аԥсни Урыстәылеи Белоруссиеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рпарламентбжьаратәи аусеицура аҿиареи асоциал-економикатә еидгылареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит»,-ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарратә Дума апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә џьармыкьа - 2023» ԥхынҷкәынмза  16 рзы Дамаск ақалақь, асасааирҭа Dama Rose, аизарақәа руада Аль-Мутанабби аҿы имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩыс иҟоуп Шьамтәылатәи адипломатиатә клуб. Уи аилазаараҿы иҟоуп адипломатиатә миссиақәа рхадацәа рыԥшәмацәа, адипломатцәа, Шьамтәыла аккредитациа змоу ҳаҭыр зқәу аконсулқәа. Аусмҩаԥгатә ахықәкы хада –2023 шықәса, жәабранмзазы Шьамтәыла иҟалаз адгьылҵысра ӷәӷәа аҿы ааха зауз ацхыраара рыҭаразы аԥара аизгара.  

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика аҿы аккредитациа змоу  16 тәыла рҟынтәи адипломатиатә миссиақәа, иара убас шьамтәылатәи агәыҳалалратә еиҿкаарақәа жәпакы рхаҭарнакцәа.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 15-16 рзы Михаил Чачба ихьӡ зху гәдоуҭатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ аҿы имҩаԥысуан жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи рчемпион, аорденқәа Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡарақәа ркавалер Рашь Ҳабыгә-иԥа Хәытаба иаԥхьахә  агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы.

Атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсны зегьы еиԥш Урыстәыла  – Адыгеиа, Даӷьсҭани Шәача ақалақьи  рҟынтәи 100 - ҩык инареиҳаны  аспортсменцәа. Аицлабрақәа 2007-2008, 2009-2010шш.рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара имҩаԥысуан.

2007-2008 шш. рзы ииз, 44 кьыла рҟынӡа иҟоу арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Шахбан Абдурахманов (Ареспублика Даӷьсҭан), аҩбатәи аҭыԥ - Владислав Барцыц (ақ.Гагра).

48 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Мурад Пкьын (Аԥсны. Цандрыԥшь аҳабла), аҩбатәи аҭыԥ - Армик Мурадиан (Ареспублика Даӷьсҭан), ахԥатәи аҭыԥ - Шахбан Абдурахманов (Ареспублика Даӷьсҭан).

52 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Никита Лежьиа (Аԥсны. ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Инал Ҭания (Аԥсны. ақ.Ҭҟәарчал), ахԥатәи аҭыԥ - Алмас Шанаа (Аԥсны. ақ.Ҭҟәарчал).

57 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Рамазан Амиралиев (Ареспублика Даӷьсҭан), аҩбатәи аҭыԥ - Магомед Магомедалиев (Ареспублика Даӷьсҭан), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Амин Емир-Оглы (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), Алан Герзмаа (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа).

62 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Данил Ԥлиа (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥ - Раџь Џьугелиа (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит- Данил Басариа (Аԥсны. ақ. Аҟәа), Асҭан Адлеиба (Аԥсны. ақ. Аҟәа).

71 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Магомед Микаилов (Ареспублика Даӷьсҭан), аҩбатәи аҭыԥ - Иусуп Чакаев (Ареспублика Даӷьсҭан), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Леон Малиа (Аԥсны. ақ. Гәдоуҭа), Оганнес Болиан (Ареспублика Адыгеиа).

75 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Давид Бдаициев (Урыстәыла. ақ.Шәача), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит Сандро Џьакониа (Аԥсны. ақ.Пицунда).

110 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Сулхан Хәытаба (Аԥсны. ақ.Аҟәа), аҩбатәи аҭыԥ - Роман Маркориан (Аԥсны. ақ.Пицунда), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Леван Ажьиба (Аԥсны. ақ.Гагра), Дамир Каленџьиан (Урыстәыла. ақ. Шәача).

2009-2010 шш. рзы ииз, 30 кьыла рҟынӡа иҟоу аспортсменцәа рыбжьара аиааира игеит Тимур Марков (Урыстәыла. ақ.Шәача), аҩбатәи аҭыԥ игеит Илиас Меџьидов (Урыстәыла. ақ. Шәача).

32 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Анӡор Зотов (Ареспублика Адыгеиа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит  - Нораир Мартиросиан (Урыстәыла. ақ.Шәача), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит - Нестор Аиба (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), Рамин Арсҭаа (Аԥсны. ақ.Пицунда).

35 кьыла иҟоу аспортсменцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит  Тимур Тозлиан (Ареспублика Адыгеиа), аҩбатәи аҭыԥ ааникылеит - Инал Гегенаа (Аԥсны. ақ.Гәдоуҭа), ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит - Арсен Кутелиа (Аԥсны. ақ.Аҟәа).

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.