pressadmin-2
Ԥхынҷкәынмза 25 рзы имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашаеи ансамбль аҳасабырбатә концерт.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 25 асааҭ 18:00 рзы, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармона аҿы имҩаԥысуеит Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашаеи ансамбль аҳасабырбатә концерт.
Аҳәынҭқарратә ансамбль ахәаԥшцәа ирыднагало апрограмма аҿы иҟалоит аԥсуа жәлар рашәақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «Гәыдиса», «Аҳәсеибацәа», алафашәа «Рафида», афырхаҵаратә ашәақәа – «Озбақь», «Киахьба Ҳаџьараҭ», ажәытә хьыӡрацарашәа– «Самаҭхәа», аритуал-фырхаҵарашәа – «Ахрашәа», уҳәа убас егьырҭгьы.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы Ҭамаз Абыхәба 15 шықәса ҭакрала ахгара иқәырҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса азы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы, аӡбаҩ Зураб Аџьынџьал ихантәаҩрала, атәылауаҩ Абыхәба Ҭамаз Роман-иԥа Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99, ахәҭа 2, апунктқәа «д», «з» инақәыршәаны (Цәгьахәыцрала, мҽыӷрыла ауаҩшьра), ацәгьоурақәа рзы ахара идҵара азы ашьаустә материалқәа рыхәаԥшра мҩаԥысит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.
Аӡбарҭа азыӡба инақәыршәаны, Абыхәба Ҭамаз Роман-иԥа ишәарҭоу рецидивиступ ҳәа дшьаны иҷыдоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса ҭакрала ахгара иқәырҵеит.
Ҭарашь Ҳагба Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцин диԥылеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 14 рзы Москва ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагбеи Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцини реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Беслан Карчаа, Урыстәыла аспорт аминистр ихаҭыԥуаҩ Одес Баисултанови Урыстәыла аспорт Аминистрра аҵарадыра, анаука, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы Адепартамент адиректор Алеқсеи Горбунов.
Аспорттә хылаԥшырҭақәа реиҳабацәа анаҩстәи русеицура иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит, иара убас аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара иазку апроектқәа рынагӡара иазааҭгылеит.
Сергеи Нарышкин: Еиду Америкатәи Аштатқәа ԥыхьатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз атәылақәа рҵакырақәа рҿы аҭагылазаашьа аибарххара иашьҭоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Еиду Амеркиатәи Аштатқәеи уи амҵакьакьаҩцәеи ԥыхьатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз атәылақәа рҵакырақәа рҿы аҭагылазаашьа аибарххара иашьҭоуп, приднестровтәии егьырҭ аконфликтқәеи рырҿыцра, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи «аҩбатәи афронт аартра» азы аҽазышәарақәа мҩаԥыргоит, ҳәа Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара атәылақәа-алахәылацәа рыԥшыхәратә маҵзурақәеи ршәарҭадара аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа XIX Аилатәара аҿы абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аԥшыхәра Амаҵзура адиректор Сергеи Нарышкин.
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аԥсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара азы ауснагӡатәқәа рыплан иалацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 14 рзы Дамаск ақалақь аҿы Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади реиԥылара мҩаԥысит. Ари хымш рыла аҩбатәи еиԥылароуп.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аԥсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара азы ауснагӡатәқәа рыплан иалацәажәеит.
Инал Арӡынбеи Феисал Микдади рыбжьара алҵшәа змаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит. Аминистрцәа Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара адәныҟаполитикатәи аинформациатәи акоординациа активизациа азура азы еиқәшаҳаҭхеит.
Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рмнистр Феисал Микдад Инал Арӡынба диҳәеит Ареспублика Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала асалам ииҭарц.
Даанкылоуп атәым мазара аӷьычразы игәҩароу Ҭенгиз Қапба.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Даанкылоуп Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭа аҿы ахатәыҩны аҟынтәи атәым мазара аӷьычразы игәҩароу Ҭенгиз Қапба.
Азинхьчаратә усбаҭақәа рверсиа ала, иара аҩны аԥенџьыр ала дыҩналаны аԥаратә хархәагақәеи ахьтәымаҭәақәеи иӷьычит.
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт азгәыбылҩцәа рверсиа ала 2023 шықәсазы иреиӷьу аспортсмен иалкаара азы абжьыҭира хацнаркуеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт азгәыбылҩцәа рверсиа ала 2023 шықәсазы иреиӷьу аспортсмен иалкаара азы асоциалтә ҳа Instagram аҿы абжьыҭира хацнаркуеит.
Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 25 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит апремиа «Аԥыза қәыԥш» анашьара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара атема иазку жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц аусура иалагоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны хара имгакәа еиҳа ииашоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара, аглобалтә економикеи аполитикеи рҿы азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара атема иазку жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц аусура иалагоит.
Апроект аколлективтә Мраҭашәара аҿагылара азҭаз, зхақәиҭреи зҭоурыхтә лахьынҵеи, змилаҭтә культуреи зхаҭареи зыхьчо ажәларқәеи атәылақәеи ирызхьаԥшуеит», ҳәа иаҳәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адырраҭараҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа ала Лаҭа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа иҭаирхаз авертолиот МИ-8 аԥҽыхақәа Гәдоуҭаҟа инаргеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҭатәи атрагедиа иазку агәалашәаратә церемониа аҿы, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵа ала, ҩажәижәеиза шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәса рзы Лаҭа ақыҭа ианахаԥраауаз ақырҭцәа изеихсны икарыжьыз авертолиот МИ-8 аԥҽыхақәа Гәдоуҭаҟа инаргеит ҳәа адырра ҟалҵеит.
Гәыгәыца Џьыкырба еизаз иргәалалыршәеит, абри азы лара атәыла Ахада 2022 шықәсазы дышиҳәахьаз, иаргьы илиҭаз ажәа шынаигӡаз, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Усҟан иҟалаз ахлымӡаах рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит 85 –ҩык акагьы зхарамыз ауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 35-ҩык ахәыҷқәа.
Амультсериал «Леои Тигеи» афырхацәа аԥсышәала ицәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи анимациатә хәыҷтәы мыльтсериал «Леои Тигеи» аперсонажцәа аԥсышәала ицәажәеит.
«Леои Тигеи» – Тига захьӡу ицәыблагәу алышькьынтыр хәыҷи абжьасԥшҟаԥшь Леои ирыхҳәаауп. Арҭ аԥстәқәа ршәарақәа ириааины аӡәи-аӡәи еицхырааны изықәшәо ахҭысқәа зегьы рҟынтәи лыԥхала иалҵует.
Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филамониа аҿы имҩаԥысит аԥсуа бызшәахьы еиҭагоу амультфильм аӡыргара. Амультфильм ахәаԥшразы ааԥхьара рырҭеит аҟәатәи ашколқәа реиԥш егьырҭ араионқәа рышколқәагьы рҟынтәи ахәыҷқәа.
Амультфильм адублиаж аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿаҵа ала акиностудиа «Абхазфильм» аҿы иҟаҵан.
Адублиаж арежиссиор – акинорежиссиор, Аԥсны жәлар рартист Вичеслав Аблоҭиа. Иара ари ахәыҷтәы мультсериал алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ари афильм даара гәахәарыла иахәаԥшуеит ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы. Ари амульсериал залаҳхызеи? Изалаҳхыз убри ауп, уи афырхацәа даара иқьиоуп, иҟәышуп, ацхыраара иазхиоуп, иара убас аиумор рымоуп».
Афильм аус адырулон Анри Гәынбеи Алхас Марколиеи.
Афырхацәа абжьы рхарҵон Милана Ломиеи Саида Габниеи.








