pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҳазҭоу ашықәс азы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа инарымаданы аизара мҩаԥигеит.

Аслан Бжьаниа Арезервтә фонд аҟынтәи ахарџь азоужьзарц сынтәа аԥхын иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы  иацҵаны аԥара азоужьразы адҵа инапы аҵаиҩит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа  рзы аминистр Лев Кәыҵниа ҳазҭоу ашықәс аԥхынразы иҟалаз арыцҳара анализ азуа иҳәеит, Аԥсны ас еиԥш иҟало аԥсабаратә рыцҳарақәа ауаҩытәыҩсатә фактор шакәу еиҳарак изыхҟьо. «Зегь раԥхьа иргыланы, аԥшаҳәаҿы ииашамкәа иҟарҵо аргыларақәа ирыхҟьоит. Акурорттә усхк ала идыргыло аобиектқәа ахархәарахь ирырҭоит аԥҟарақәа ирхыԥаны», - ҳәа иазгәеиҭеит аминистр, насгьы ихымԥадатәны иԥхьаӡоит ареспубликаҟны аҟны иаку амониторингтә система алагалазарц.

Гагра араион Администрациа ахада Иури Хагәышь Ахада адырра ииҭеит ԥхынгәымза 9 рзы араион аҟны иҟалаз арыцҳара аԥыхразы ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа рзы. Иара иазгәеиҭеит уи иахҟьаны Гагра араион аҟны аԥхасҭа шроуз ақыҭақәа: Лӡаа, Алаҳаӡы, Колхида, Бзыԥҭа аҳабла, хәҭа-хәҭала иара ақалақьгьы. 1200 ҩны аӡы рыҵалеит. Арыцҳара аанкылара иалахәын Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуцәа, уахгьы-ҽынгьы аус руан, иара убас ахархәара азун араион аҟны иҟаз атехника зегьы.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пустовалов имаҵура аҟынтәи ихы ақәыиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа анапаҵыҩра мҩаԥысит цәыббрамза 1, 2023 шықәсазы.  

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут аҿы Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85-шықәса аҵреи апоет ирҿиаратә усура 70-шықәса ахыҵреи ирызку жәларбжьаратәи анаукатә конференциа аатит.  

Аконференциа аартуа, Аинститут адиректор Арда Ашәба, Мушьни Лашәриа ирҿиарала аԥсуа литература ирбеиеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Иахьа аԥсуа литературеи аԥсуа жәлари рзы ныҳәа дууп, иахьа ҳара абар шьҭа акыр шықәса инеиԥынкыланы Аԥсны ахьӡ ҭызго ауаҩы, Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа диижьҭеи 85-шықәса аҵреи апоет ирҿиаратә усура 70-шықәса ахыҵреи азгәаҳҭоит. 70 шықәса ирылагӡаны Мушьни Таи-иԥа Лашәриа иаԥхьаҩцәа рзы зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку арҿиамҭақәа аԥиҵоит. Аԥсны Жәлар рпоет Алеқсандр Пушкин иажәеинраалоу ироман «Евгени Онегин» аԥсуа бызшәахьы аиҭагара азы иҳараку алитературатә премиа иоуит. Аҳамҭа анашьара ацеремониа Кремльтәи Ахан аҿы имҩаԥысуан. Апоет ари аҳамҭа хаҭала ианеишьеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Дмитри Медведев. Мушьни Лашәриа Дырмит Гәлиа, Баграҭ Шьынқәба, уҳәа аԥсуа литература акласикцәа рышьҭақәлаҩны дҟалеит», –  ҳәа иҳәеит Арда Ашәба.

Арда Ашәба Мушьни Ашәба 15-шықәса анихыҵуаз арҿиаратә усура инапы аиркит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи аиубилиар аԥсуа ишықәснҵыра ду, аринахысгьы ирҿиаратә усураҿы ақәҿиара бзиақәа изеиӷьашьаны Аԥсуаҭҵааратә Институт ахьӡала аҳамҭа ианеишьеит.

Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада аиереи Висарион Аԥлиа Мушьни Лашәриа изеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, арҿиаратә гәазҭазаара.

Аиубилиар иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи рзы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит афилологиатә наукақәа ркандидат, ААУ адоцент Васили Аҩӡба.

Иқәгылараҿы Васили Аҩӡба, ахәҭакахьала, Мушьни Лашәриа аԥсуа литератураҿы ирҿиаратә мҩа даналагоз аамҭазы, ауаажәларра рыҩныҵҟа асахьаркыратә рҿиамҭақәа рахь аинтерес шышьҭыҵыз убаратәы иҟан ҳәа иазгәеиҭеит.

«Мушьни Лашәриа аԥсуа шәҟәыҩцәа ахԥатәи абиԥара ахаҭарнакыс дыҟоуп. Иара амилаҭтә литература аҿы иахәҭоу аҭыԥ ааникылеит. Уи алыршара иара илоу арҿиаратә ҟыбаҩ ауп изыбзоурахаз», – ҳәа иҳәеит Васили Аҩӡба.

Акультура аминистр Даур Ақаҩба аконференциа иалахәу зегьы Аҳәынҭқарра Ахада иааишьҭыз адныҳәаларатә  бӷьыц дырзаԥхьеит.

«  Ҳаҭыр зқәу асасцәа!

Ҳаҭыр зқәу аконференциа иалахәу!

Аԥсны жәлар рыхьӡала, Аԥсны анапхгара ахьӡала бзиала иазгәашәҭалааит ҳәа шәасҳәар сҭахуп ас еиԥш иҟоу -  иналукааша аԥсуа литератор, аиҭагаҩ,  Аԥсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа 85 шықәса ихыҵра иазку аныҳәатә хҭысқәа.

Ауаҩра, аамсҭашәара, аҟәыӷара, ган рацәала еибарку абаҩхатәра злоу, ҳхатәы бызшәа иаҵоу абеиара, аԥшӡара аихаҳара зылшаз, ҳажәлар зегьы бзиа еицырбо, зажәеинраалақәеи зашәақәеи ҳабиԥарақәа аӡәырҩы ҿырҳәала ирдыруа поетуп Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.

Аԥсуа бызшәа иаҟәну аԥшшәы, уи иаҵоу амаӡақәа есааира иаҳзаартуа, Мушьни Таииа-иԥа  аԥсуа поезиатә ҟазара ашьаҭаркҩцәа - Дырмит Гәлиа, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба рыҩаӡара аҟынӡа ахалара илшеит ҳҳәар имыцхәхаӡом.

2023 шықәса азы 60 шықәса ахыҵуеит Мушьни Лашәриа иажәеинраалақәа реизга раԥхьатәи аҭыжьымҭа, ас еиԥш иҟоу аиубилеитә рыцхә аконференциа аусураҟны хымԥада ианыԥшуеит ҳәа сгәы иаанагоит.

Илагаламҭа дуӡӡоуп Мушьни Таииа-иԥа аԥсуа литературатә критикаҟны. Сынтәа 2023 шықәсазы 50 шықәса ҵуеит  уи икритикатә статиақәа реизга «Ажәа аҳәаақәа - алитературатә-критикатә статиақуа»  ҭыҵижьҭеи.

Иара убас иҳәатәуп Мушьни Лашәриа имҭаны аԥсуа жәлар ишроуыз Аԥсны ахи-аҵыхәеи еицырдыруа, иахьагьы гәыблыла инарыгӡо  иашәақәа.

Мушьни Лашәриа аԥсуа ажәа аҳәаақәа рырҭбаара илшеит иреиӷьу аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аиҭагарала. Уи иеиҭагамҭақәа рыҩныҵҟа иҟоуп: Александр Пушкин ироман "Евгени Онегин", Михаил Лермонтов ипоема, Ацқьаҩыра "Ауасиаҭ ҿыц". 

Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа ихаҭара амҽхак дуӡӡоуп.  Иахьагьы иныԥшуа аԥсҭазаара агәбылра, уи амаӡақәа рыҭҵааразы имоу агәазыҳәара ҿыцәааӡом, гәыблыла еиҳабык иаҳасабала хәы змаӡам иԥсҭазааратә ԥышәа ду ҳацеиҩишоит.  Ибаҩхатәра, идырра ҵаулақәа, игьама аҳаракыра ирыбзоураны ҳажәлар рыҩныҵҟа дцәырҵит, иахьагьы дҳалагылоуп апоет, алирик, апублицист, аредактор, арккаҩы, ауаажәларратә усзҩуы, аԥсуа жәлар рҵеи иаша – Мушьни Таииа-иԥа Лашәриа.

Гәадуроуп ҳара ҳзы ас еиԥш ауаҩы иааигәа аҟазаара. Сгәы иаанагоит аԥсуа жәлар, ҳара зегьы хаҭа-хаҭала, ҳахәҭаа алаҳгалап ҳәа Мушьни Лашәриа ирҿиаратә ҭынха ду аларҵәара, уи еиқәырханы абиԥара ҿыцқәа ирызнаҳагарц азы.

Аиубилеитә конференциа иалахәу зегьы гәык-ԥсык ала ишәзеиӷьасшьоит арҿиаратә еихьӡара ҿыцқәа! Аринахысгьы аныҳәақәа еицазгәашәҭалааит!» - ҳәа  иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аппарат аиҳабы Вадим Бжьаниа Апарламент Аиҳабы ихьӡала адныҳәалара шәҟәы даԥхьеит.

«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала ишәыдаҳныҳәалоит 85-шықәса шәхыҵра. Ҳара ҳаҭыр ду ҳзақәуп Шәара аԥсуа литература аҿиара, аԥсуа бызшәа аиқәырхара аҿы шәлагамҭа дуӡӡа, аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭынха еиҷаҳарыла шәазнеира, Шәара инашәыгӡо аиҿкааратә усура.

Шәара шәыԥсҭазаара зегьы иалганы иаажәгоит шәхатәы бызшәа ахь ишәымоу абзиабара, уи аԥшӡареи ауникалреи раарԥшра ааԥсарак ҟамҵа шәҽазышшәоит.  Уи аԥсышәала ицәажәо рзы адагьы хра злоу ҿырԥшны иҟоуп.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса, ажьырныҳәамза 1 инаркны Г.Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы акомплекс иаҭааз рхыԥхьаӡара 287 076-ҩык рҟынӡа инаӡеит, афинанстә лагалақәа  реицҵалыҵ 200 млн 953 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқандр Анқәаб Аҟәа ақалақь, Наӡаӡе имҩала игылоу, зҭагылазаашьа амашәыр зхылҿиаар зылшо аҩны аҿы инхо ауаа дырԥылеит.

Атәыла Анапхгара иарбоу аҩны аиҭашьақәыргылара ахьзалмыршахо инамаданы, инхо ауаа зегьы анхарҭа ҿыц аархәарц азы аԥаратә мыцхәра рыҭарала хазы-хазы рнырхара азы аӡбамҭа аднакылеит.  

Аҩнытә комитет ахаҭарнакцәа аԥыза-министр иҿцәыжәо, еиҭамҵуа амазара ахәԥса ахьышьҭыҵуа  инамаданы хәыла еиҟароу анхарҭа аахәараҿы иҟалар зылшо ауадаҩрақәа рзы агәҭынчымра аадырԥшит.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Алеқсандр Анқәаб амикрораион Џьумкур (Очамчыра араион Маркәыла ақыҭа), ахаҭарнакцәа идикылеит. Урҭ абар шьҭа акыр аамҭа зыӡбара залмыршакәа иаанханы иҟоу, километрак рҟынӡа инаӡо Аишьцәа Воуаа рымҩа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара апроблема аӡбараҿы аԥыза-министр ацхыраара риҭарц иаҳәеит.

Аиԥылара ихы алаирхәит Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Вианори Бебиа. Уи уажәаԥхьагьы атәыла Анапхгара ахь ари аҩыза аҳәара ҟаиҵахьан.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы ихацыркхеит аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ,  Аԥснытәи Автономтә советтә Социалтә Республика  зҽаԥсазтәыз абҩарҵәыреи аспорти русзуҩ Рубен Дилениан игәалашәара иазку атурнир, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.

Атурнир аартра иазкыз ацеремониа аҿы иҟан Аҳәынҭқарратә Еилакы аспорттә ҟәша анапхгаҩы Жанна Занҭариа, Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгрес Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәыла  Беслан Кобахьиа, Аԥсны аԥкьаҭмпыл Афедерациа апрезидент Ҭамаз Абӷаџьаа, Аԥсны аԥкьаҭмпыл Афедерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩ Наала Арӡынба, Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны Ареспубликатә школ адиректор, аԥкьаҭмпыл азы Аԥсны аспорт азҟаза Елизабет Акәыциа, Аԥсны инхо Аерманцәа рдиаспора ахаҭарнак Артур Чакриан, атурнир аӡбаҩ хада, ареспубликатә категориа змоу аӡбаҩ Саид Бебиа.

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Самсон Ҷанба  ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы цәыббрамза 5 рзы Мушьни Лашәриа еихьӡыло ипоема ала арежиссиор Мадина Аргәын иқәлыргылаз амузыкатә спектакль «Ахьтәы уасцәа» аԥхьарбара мҩаԥысит.

«Ахьтәы уасцәа» – ари Аԥсны жәлар рпоет раԥхьатәи ипоема ауп. Уи ажәытә бырзентә миф ашьаҭала иҩуп, убри аан автор ари амиф аԥсуа милаҭтә ҟазшьа аиҭеит, уи ианыԥшуа иҟаиҵеит аԥсуа ихәыцшьеи идгьыл ахьчаразы дшазхьиоуи, ҳәа иаҳәоит атеатр иҟанаҵо адырра аҿы.

Ари аспектакль ахәаԥшцәа дырбара Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа ииубилеи инамаданы имҩаԥысит.  

Арежиссиор Мадина Аргәын ажурналистцәа дрыҿцәажәо ишазгәалҭаз ала, ари ақәыргыламҭа ала, ари ақәыргыламҭа ала лара ахәаԥшыҩ иҟынӡа иналгар лҭахуп аҭоурыз аилкаареи адырреи иаҵоу аҵакы ахадара. Арҿиамҭа «Ахьтәы уасцәа» аԥсуаа ркультуратә код алоуп, аха лара лгаанагарала, рыцҳарас иҟалаз, уи аҵыхәтәантәи аамҭазы еиҳа-еиҳа аӡра иаҿуп.  Уи лҿаԥхьа хықәкны иқәлыргылеит ари акод цәырганы ахәаԥшцәа дырбара. Арежиссиор лықәыргыламҭа аҿы зеиӷьашьарак аҳасабала ауаа рышьаҭа амырӡра шахәҭоу азы ааԥхьара аныԥшуеит.

Аспектакль азы амузыка иҩит акомпозитор – Тимур Агрба, абалетмеистер – Ерик Ҭырқьба, алашара азы асахьаҭыхыҩ  – Илларион Пасаниа, акостиумқәа рзы асахьаҭыхыҩ – Сҭелла Амԥар, асценографиа – Гарри Дочиа.   

Аҟәа. Цәыббрамза 6, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба напхгара зиҭо Аҟәа ақалақь Ахадара аделегациа аусуратә визит ала Москва ақалақь аҿы иҟоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

Ақалақь ахада ицуп уи ихаҭыԥуаҩ Леон Кәарҷиеи Аҟәа ақалақь Ахадара Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба.  

Иахьа аделегациа цәыббрамза 5 – 8 рзы Урыстәыла аҳҭнықалақь, «Экспоцентр» аҿы имҩаԥысуа ацәыргақәҵа Comtrans 2023 иаҭааит. Ацәыргақәҵа апартниор хаданы иҟоуп «КамАЗ».

Аҟәа ақалақь Ахадара аҭаххрақәа рзы иҷыдоу атехникеи автобусқәеи раахәаразы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 5, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы жәларбжьаратәи апрофессионалтә номертә турнир К-1 ачемпион имаҟҿаҳәага занашьахаз, Аԥсны акикбоксинг Афедерациа ҭаҷкәымла аисратә клуб «Чемпион» ааӡамҭа  Григор Оганиан иԥылара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә Еилакы асаит. Аспортсмен ааигәа, нанҳәамза 18 рзы Таиланд Акралра ақалақь Пхукете  аҿы имҩаԥысыз  К-1  азы  апрофессионалтә турнир аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгаз  аиндаҭлара аҿы Германиатәи аспортсмен анакаут ахь дишьҭит.

Григор Оганиан зыкапантә категориа 71 кьыла иҟоу рыбжьара жәларбжьаратәи апрофессионалтә номертә турнир ачемпион   имаҟҿаҳәага аиура иҽаԥсаитәит.

«Григор, уареи сареи ҳаибадырра агәахәара ду снаҭоит. Ҳара ааигәаӡоуп уқәгылара ателехәаԥшрала ҳанахәаԥшуаз, уаҟа уара умч-улшара ахьынӡаҳаракыз аабеит,  27-шықәса зхыҵуаз Германиатәи аспортсмен ииааира улшеит. Гәыкала иудаҳныҳәалоит иугаз аиааира. Ҳара ҳаигәырӷьоит уара зегьы ҳбираҟ ахьыдурбаз, ҳаспортсменцәа шаҟа азыҟаҵара бзиа шрымоу», – ҳәа иҳәеит Ҭарашь Ҳагба.  

Иара аспортсмен иазыҟаҵаҩ Нико Сааков аспортсмен қәыԥш идибалаз аџьабаа азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, ами алшареи ахачҳареи, ас еиԥш иҟоу ааӡамҭацәа рацәаны изеиӷьаишьеит.

Аспортсмен иреспублика азы агәырӷьареи агәадуреи шинырыз азгәеиҭеит.  

«Сара аиааира агара ахьсылшаз, среспублика абираҟ ари астадион аҿы ашьҭыхра ахьалыршахаз даара сеигәырӷьоит. Аиндаҭлара маншәаланы, ҳагәҭакқәа инарықәыршәаны имҩаԥысит», - ҳәа иҳәеит Григор Оганиан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.