Аҟәа. Мшаԥымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиустициа Аминистрра «Аполитикатә партиақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан еилазгаз аполитикатә партиақәа ԥшьба шәҟәыла агәҽанызаара рынаҭеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит Аминистрра апресс-маҵзура аҟны.
Шәҟәыла агәҽанызаара рыҭоуп:
- Аполитикатә партиа «Аинар»,
- Ареспубликатә политикатә партиа «Акзаара»;
- Аполитикатә партиа «Аԥсны»,
- «Аԥсны аекономикатә ҿиара» Апартиа.
Азакәанԥҵара аилагара, азакәан ишьақәнаргыло аҽҳәара иалагӡаны афинанстә ҳасабырба, аполитикатә партиа атерриториалтә ҟәшақәа зегьы рҿы алахәылацәа рхыԥхьаӡара азы аинформациа, есымша аус зуа анапхгаратә усбарҭа аҟазаара аҭыԥ арбарала апартиа аусура ацҵара азы адырра, уҳәа аинформациа Аминистрра ахь анамгара ала иаарԥшхеит.
Иҟоу аилагарақәеи урҭ рыриашаразы иазоужьу аҽҳәареи арбаны шәҟәыла еиқәыршәоу агәҽанызаарақәа мшаԥымза 8 рзы аполитикатә партиақәа рнапхгараҭарақәа рахь идәықәҵан.
Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны, аиустициа Аминистрра, ашәҟәҭагаларатә усбарҭа аҳасабала, Аԥсны аполитикатә партиақәеи урҭ ртерриториалтә ҟәшақәеи рахь аԥаратә хархәагақәа ралагалареи урҭ рныхра амҩаԥысшьеи ахылаԥшра аҭаразы аҭаԥхықәра адуп.