АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Мшаҧы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы ихыркәшахеит II Аԥснытәи амедицинатә Форум.

Аҟәа. Мшаԥымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аконференц-зал аҿы, аҩаша, мшаԥымза  23 рзы  II Аԥснытәи амедицинатә Форум аусура ахыркәшара иадҳәалоу ацеремониа мҩаԥысит.

Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба еизаз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо ас еиԥш иҟоу афорумқәа ирыҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

«Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Афорум аусура зхы алазырхәыз зегьы. Ҳара аринахысгьы хымԥада ҳусеицура иацаҳҵоит. Иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп ари аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы ацхыраара ҳазҭаз  ҳаспонсорцәа.  Урыстәылатәи аделегациа ҳамҭас иаҳзааргеит аплазматә телевизор дуқәа ҩба, урҭ ахәыҷтәы реабилитациатә Центр аҿы амассажқәеи егьырҭ апроцедурақәа рымҩаԥгараан ахәыҷқәа ргәырҿыхара азы  ишьақәдыргылеит», - ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр.

Едуард Быҭәба хазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит Ареспубликатә хәышәтәырҭеи Ахәыҷтәы реабилитациатә Центри иаҭааз, апациентцәа аконсультациақәа рызҭаз, иара убас зтехнологиатә ҩаӡара ҳараку аоперациаақәеи анаҩстәи ареабилитациеи зҭаху ахәыҷқәа алызкааз  аҳақьымцәа.  

«Ҳара ҳтәылауаа Ихымԥадатәиу амедицинатә Ԥгаԥса аполис ала ахәышәтәразы Урыстәыла аклиникақәа рахь идәықәҵахоит. Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа расҳәоит ари аус аҿы ацхыраара ҟазҵаз зегьы», - ҳәа иазгәеиҭеит агәабзиарахьчара аминистр.

Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаев Едуард Быҭәба иҭабуп ҳәа еиҳәеит Афорум ахь иоуз ааԥхьара азы.

«Ари аусмҩаԥгатә иаҵоу аҵакы ахадара ахә ашьара уадаҩуп. Сара сгәаанагарала, анаҩстәи ҳаиԥылара Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥгазар ҟалоит, анаҩс егьырҭ атәылақәа-алахәылацәа рҿы. Уи аимадареи хра злоу аԥышәеимадареи рзы ицхыраагӡа духоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Томас Џьигкаев иажәақәа рыла, Афорум иҳараку аҩаӡара аҿы имҩаԥысит.  

Ареаниматологиеи ареабилитациеи рзы Афедералтә наука-клиникатә Центр адиректор ихаҭыԥуаҩ Сергеи Пузин аԥснытәи иколлегацәа ацхыраара рыҭара дшазхиоу атәы иҳәеит.  

«Амедицинатә реабилитациа аҿиарамҩа иануп, иҟоуп аихьӡарақәа маҷымқәа. Аха, иҟоуп ауадаҩрақәагьы. Убас, ихадоу ауадаҩрақәа иреиуоу – аинвалидра ауп. Ҳара ҳколлегацәа иарбоу атемала иҳамоу аусуратә еихьӡарақәа дырбареи реилыркаареи ҳазхиоуп.  Иҟоуп апротезҟаҵара иазку иҷыдоу аусбарҭақәеи анаплакқәеи», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

II Аԥснытәи амедицинатә Форум аусура зынӡа рхы аладырхәит 300 - ҩык инареиҳаны аԥснытәии урыстәылатәии аҳақьымцәеи аҵарауааи, иара убас  Урыстәыла, Приднестровие, Аахыҵ Уаԥстәыла  агәабзиарахьчара аминистрцәа.   

Аусмҩаԥгатә ахыркәшамҭаз игеит Аԥсны агимн.


Read 52 times - Ахаша, 24 Мшаҧы 2024 14:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.