АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Мшаҧы.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аԥҵара Апрограмма ала 2021 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа 27 усмҩаԥгатә мҩаԥгахеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 24, 2024 шықәса рзы Аминистрцәа Реилазаара аҿы атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ихантәаҩрала Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара азеиԥш социал-економикатә ҵакыра аԥҵара Апрограмма анагӡара азы аусуратә гәыԥ аԥснытәи аган изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит.  

Аԥсны аекономика Аминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла,  аилатәара Апрограмма анагӡара иадҳәалоу аҭагылазаашьеи анорма-зинтә шәҟәынҵақәа аус рыдулареи реиқәыршәареи рзы анагӡаратә мчра аусбарҭақәа ирыдҵаз  аԥхықәрақәа рынагӡара аҽҳәарақәеи ирызкын.  Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан агәабзиарахьчара, аҵарадырра, атәанчаҩратә еиқәыршәара, аҳазалхратә зин, уҳәа аусхкқәа ирыдҳәалоу апроектқәа реиқәыршәара азҵаарақәа.

Аилатәара аҿы иазгәаҭан 2021 шықәса инаркны  2023 шықәсанӡа Апрограмма иарбаз  44 усмҩаԥгатә рҟынтәи 27 шынагӡаз атәы.

Атәыла аԥыза-министр аилатәара иалахәыз иалкаахаз азҵаарақәа рыла аусура арццакреи апроектқәа реиқәыршаҳаҭразы иарбоу аҽҳәарақәа рықәныҟәара рхымԥадатәра ахшыҩзышьҭра аҭареи рзы анапынҵақәа риҭеит. 

 

 


Read 131 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.