Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа агазеҭ «Аԥсны» аредакциа аусзуҩцәа 105-шықәсатәи аиубилеи рыдиныҳәалеит.
Аиубилетә хәылԥазы аҿы Аҳәынҭқарра Ахада иҟынтәи адныҳәалара даԥхьеит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа.
«Ҳазҭоу ашықәс беиоуп ҳтәыла азы акыр зҵазкуа ахҭысқәа рыла: аԥсуа культуреи алитературеи иналукааша аусзуҩ Дырмит Гәлиа диижьҭеи 150-шықәса аҵреи уи аредактор хадас дызмаз аԥсуа газеҭ «Аԥсны» раԥхьатәи аномер ҭыҵижьҭеи 105-шықәса аҵреи.
Агазеҭ раԥхьатәи аномер аҭыҵра даара акрызҵазкуа хҭысны иҟалеит аԥсуа милаҭтә кьыԥхь азы. Шьаҭаркҩысгьы, редакторсгьы даман арккаҩы, жәлар рпоет Дырмит Гәлиа. Агазеҭ аҿиара амҩа хьанҭан, иуадаҩын, аха ус шакәызгьы, аԥсуа милаҭ рҿахәы зҳәоз акәны иҟан. «Аԥсны» раԥхьатәи аԥсышәала иҭыҵуаз газеҭ акәын, уи аԥсуа жәлар рмилаҭтә хдырра, рбызшәеи ркультуреи рыҿиара, иара убас жәлар рдоуҳатә ҭынха апропаганда азуреи рҿы акыр зҵазкуа ароль нанагӡеит.
Агазеҭ аҭыҵра аналыршаха раԥхьатәи амшқәа индыркны аредакциа аҿы аус руан ҳтәылаҿы еицырдыруаз аҵарауааи ашәҟәыҩҩцәеи. Агазеҭ адаҟьақәа ирнылон Иуа Коӷониа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, уҳәа иналукааша аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа аӡәырҩы рнапы иҵыҵыз ажәеинраалақәа, аочеркқәа, ажәабжьқәа, адраматә рҿиамҭақәа.
Ари аҭыжьымҭа иузаҟәымҭхо Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгылара аетапқәа зегьы рҭоурых иадҳәалоуп. Агазеҭ «Аԥсны» 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан ареспублика аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рзы адырра аҟаҵара азы ауалԥшьа нанагӡон. Агазеҭ усҟан Гәдоуҭа иҭыҵуан Аибашьра аамҭа иалагӡаны агазеҭ 70 номер ҭыҵит. Агазеҭ аусзуҩцәа рацәаҩны аибашьра иалахәын, урҭ рахьынтә хҩык аибашьраҟынтә изыхнымҳәит. Иҭахаз афырхацәа ргәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.
Аслан Бжьаниа ажәлари хаҭала иара ихьӡалеи агазеҭ анапхгараҭареи аусзуҩцәа зегьи иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшуа азанааҭдырреи аус гәыкала азнеиреи рзы. Иара зԥышәа еиҵагыло аҿар рзанааҭтә ҩаӡара ашьҭыхраҿы ицхыраагӡа дуны иҟоу аветеранцәа рџьабаа ҷыдала иазгәеиҭеит.
Ишдыру еиԥш, 105 шықәса рыҩнуҵҟала акәзар, агазеҭ «Аԥсны», «Аԥсны ҟаԥшь», «Аԥсны» анапхгара аҟны иҟан аредакторцәа: Дырмит Гәлиа инаҩс аамҭала Самсон Ҷанба, Миха Лакрба, Нестор Ҭаркьыл, Мушьни Аҳашба, Нестор Абжарба, Рушьни Гадлиа, Николаи Киут, Руфеҭ Быҭәба, Сергеи Кәыҵниа, Борис Ҭыжәба, Владимир Қапба (арҭ зегьы рыԥсҭазаара иалҵхьеит), Енвер Ажьиба. Уажәы агазеҭ аредактор хадас дыҟоуп Ахра Анқәаб.
«Шәара шәредакциа аҿы иахьагьы уи аԥҵаҩцәа ихацдыркыз зеиӷьаҟам атрадициақәа рынагӡара иаҿуп. Иахьа «Аԥсны» – атәыла ауаажәларратә, аекономикатә, аполитикатә хҭысқәа аазырԥшуа уаажәларра-политикатә газеҭуп», – ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәалара аҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада агазеҭ аредакциа аколлектив ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, арҿиаратә еихьӡарақәа, агәазҭазаара.