АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Мшаҧы.2024

Томас Џьигкаев Аԥснытәи амедицинатә Форум азы: даараӡа ибзиоуп, хра алоуп, аинтерес аҵоуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара аминистр Томас Џьигкаев Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо, мшаԥымза 22 – 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуаз  II Аԥснытәи амедицинатә Форум азы игәаанагара иҳәеит.

«Афорум аусура ахә ашьара уадаҩуп. Уи иҳаракӡоу аҩаӡара аҿы имҩаԥган.  Ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа даараӡа ибзиоу, хра злоу, аинтерес зҵоу акакәны иҟоуп.   Урҭ аколлегацәа рымадареи аспециалистцәа рыбжьара ԥышәала аимадара ашьақәыргылареи рзы акыр иманшәалоу аҭагылазаашьа аԥырҵоит.  Араҟа, Аҟәа ақалақь аҿы, ҳара Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр иҿцәажәара, ҳгәы иҵхо азҵаарақәа иазҵаара азы алшара ҳаман. Лаҵарамза 16 ашьҭахь ҳара аиԥш-зеиԥшу Афорум Аахыҵ Уаԥстәыла амҩаԥгара анҳалшо азы аамҭа алаҳкаауеит», – ҳәа иҳәеит Томас Џьигкаев.  

Уи иара убас Аахыҵ Уаԥстәыла агәабзиарахьчара асистема аҭагылазаашьа азы азҵаарақәак рҭак ҟаиҵеит.

«Ҳара ҳҿы агәабзиарахьчара хәыда-ԥсадоуп. Аҳәынҭқарра атәылауаа зегьы иахәҭоу амедицинатә цхыраарала реиқәыршәара ахахьы иагоит.  Ҳара иҳамаӡам зыхә ршәо амедицинатә маҵзурақәа, аха иҟалар ҟалап уи аҩызагьы  аиҿкаара аҭаххаргьы. Егьыс, иааизакны амедицина хәыда-ԥсадоуп.  Ҳара ҳгәабзиарахьчара асистема маҷк иадамхаргьы аԥснытәи еиԥшӡам. Шәара шәраионтә хәышәтәырҭақәа зегьы аҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа рнапхгара аҵаҟа иҟазар, ҳара ҳмедусбарҭақәа зегьы ишиашоу агәабзиарахьчара Аминистрра иаҵанакуеит. Урҭ рбиуџьет агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы ауп иахьышьақәгыло. Ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи аныхтә материалқәеи амаругақәеи, уҳәа зегьы раахәарагьы Аминистрра еизакны имҩаԥнагоит», – ҳәа иҳәеит Томас Џьигкаев.   

Аминистр иажәақәа рыла, уи иара «хра злоу» аганқәа реиԥш «хра злам» аганқәагьы амоуп.

«Ҳара ҳгәабзиарахьчара асистема аоптимизациа аганахьала аус аауеит. Урыстәылатәи Афедерациеи егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи рҿы иҟоу аԥышәа аҽҵаара еиӷьзаргьы ҟалап. Убри азоуп ас еиԥш Афорумқәа рымҩаԥгара аҵак ду аҵоуп ҳәа изыԥхьаӡоу», – ҳәа иазгәеиҭеит аминистр.

Ареспублика аҿы зынагӡара алшо амедицинатә маҵзурақәа рыспектр аганахьала акәзар, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика агәабзиарахьчара аминистр иажәақәа рыла, иаҭахханы ианыҟала, урҭ рпациентцәа урыстәылатәи амедусбарҭақәа рахь идәықәырҵоит.  

«Аиҳарак уи – ӷәӷәала агәы-шьадатә чымазарақәа змоу апациентцәа роуп. Ҳара иҳамаӡам ангиограф, убри аҟнытә астентқәа рышьақәыргылара азы алшара ҳамаӡам.  Ус иҟоу ахҭысқәа раан ҳара Нхыҵ Уаԥстәылаҟа ҳашьцәа рахь ацхырааразы аҳәара ҟаҳҵоит», - ҳәа иҳәеит иара.  

Иара уажәаԥхьа Аԥсныҟа даахьазма ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Томас Џьигкаев иҳәеит: «Сара Аԥсны сыҟан 1993 шықәсазы. Сара Аԥсны ирацәаны аҩызцәа сымоуп, ҳара аҵара еицаҳҵон. Раԥхьаӡа арахь сааит Аҟәа аныргоз аамҭазы. Нас ҩаԥхьа арахь сеиҭааит 2008 шықәсазы. Усҟан сара аԥсшьараамҭа сыман, аха мышқәак рышьҭахь Цхьынвалҟа схынҳәыр акәхеит, избан акәзар уаҟа аибашьра алагеит.  Аԥсны аԥшӡара убла хнакуеит, уи уамеигәырӷьар залшом. Есааира ишәҭыкакаҷуеит  шәреспублика. Аринахысгьы аҿиареи аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҟалааит шәыԥсадгьыл аҿы».


Read 54 times - Аԥшьаша, 25 Мшаҧы 2024 10:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.