АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Мшаҧы.2024

Лыԥсҭазаара зегьы алитература азааԥсара иазылкит: Татиана Гәылиа лыԥсы ҭазҭгьы иахьа 105 шықәса лхыҵуан.

Аҟәа. Мшаԥымза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 25  рзы Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра арҵаҩы еиҳабы, Д. И. Гәлиа Илитература-мемориалтә музеи ҳаҭыр зқәу адиректор Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа  (25.04.1919 – 21.02.1997 шш.) диижьҭеи шәи хәба шықәса ҵуеит.

Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа – аԥсуа шәҟәыҩҩы, жәлар рпоет, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы, раԥхьатәи аԥсуа газеҭ «Аԥсны» аредактор Хада, ароман «Камаҷыҷ», аԥсуа сахьаркыратә литература аҿы раԥхьатәи ажәабжь «Атәым жәҩан аҵаҟа» равтор Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иԥҳа. Татиана Гәлиа диит мшаԥымза 25, 1919 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы, далгеит аҿырԥшыгатә аԥсуа школ, анаҩс дҭалеит Қырҭтәи аҳәынҭқарратә Университет афилологиатә факультет, уи ашьҭахь лҵара иацылҵеит аспирантура аҿы.  Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа лырҵаҩратә усура хацлыркит М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт аҿы, аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых арҵаҩы еиҳабыс аус луан, ажәытә урыстә асоветтә литература аспециаолистс дыҟан.  1961 шықәсазы амедал «За доблестный труд» ланашьахеит, 1976 шықәсазы –  амедаль «Аџьа аветеран». 1980 шықәса инаркны лара аус луан Дырмит Гәлиа илитература-мемориалтә музеи адиректорс. Лара ааԥсарак ҟамҵа иналыгӡо аусура иабзоураны, амузеи харҭәаахеит Д.И.Гәлиа ихатәы маҭәақәа рыла, Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа лаб изы лгәалашәарақәа ракәзар, урҭ амузеи аусура аҿы акыр зҵазкуа ароль нарыгӡеит, лара Дырмит Гәлиеи аҵарауаа дуқәеи, иналукааша ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи  акультуреи аҟазареи русзуҩцәеи  реимадара шьақәзырӷәӷәо аматериалқәа реизгаҩыс дыҟан.  Убас, Татиана Гәлиа  лылшамҭақәа рыла амузеи Аԥсны аинтерес зҵоу ҭыԥны иҟалеит, уи иаҭаауа иалагеит хыԥхьаӡара рацәала ҳтәыла ауааԥсыреи асасцәеи, ашколхәыҷқәеи  астудентцәеи, иара убас аԥсуа сахьаркыратә литература ауасхыр шьҭазҵаз  Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иаҳаҭыр збар зҭаху зегьы.  

Лара лыԥсҭазаара зегьы алитература азааԥсара иазылкит: зеиҳараҩык анаҩс арҵаҩцәаны иҟалаз астудентцәа аҵара ахьыдлырҵоз аинститут аҿы, иара убас зыҭӡқәа Аԥсны ажәлар рзы акыр зҵазкуа агәалашәара хьчо иаазго амузеи аҿы.  Татиана Гәлиа лыстудентцәеи аус лыцзухьазгьы еицҿакны уи аамсҭашәара злаз, зхы инаркны зшьапаҟынӡа иинтеллигентыз, иқьиаз, агәцаракра аазырԥшуаз уаҩын ҳәа илыхцәажәоит. Лара аиумор злаз уаҩын, астудентцәа рызнеишьа лдыруан, дара урҭгьы лара ҳаҭыр ду лықәырҵон.  

Татиана Гәлиа лҵаҩцәа ракәын ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи аӡәырҩы – урҭ дреиуоуп  Мушьни Таи-иԥа Лашәриа, апоет, аиҭагаҩ, акритик, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа алахәыла. Татиана Дырмит-иԥҳа лыстудентцәа аӡәырҩы уи илҿыԥшны убасҵәҟьа  анаука амҩа алырхит, дара уажәы аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра аҿы аус руеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: ААУ аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра адоцент Бахиа Наҭелла Гьаргь-иԥҳа, арҵаҩы еиҳабы Каиун Наталиа Уасил-иԥҳа, аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, апрофессор  Папасқьыр Алеқсеи Луман-иԥа, арҵаҩы еиҳабы Кобахьиа Елена Владимир-иҳа, уҳәа убас егьырҭгьы. Иахьатәи амш азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет, афилологиатә факультет аҿы иаԥҵоуп Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа лыхьӡ зху апремиа.  

Аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра арҵаҩы еиҳабы Наталиа Каиун, илгәалалыршәоит:

«Сара есымша ҳаҭыр дула сылзыҟан Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа.  Ганкахьала, лара апоет, ашәҟәыҩҩы ду, ҳлитература апатриарх иԥҳа ашлакәыз ухахьы ианааугоз угәы хыҭхыҭуа иалагон.  Даҽа ганкахьала акәзар, лара убас ауҩы дизааигәан, ҳара лыстудентцәа гәыкала даҳзыҟан, убри аҟара даамсҭашәан, Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа дуӡӡа дышиԥҳаз уханыршҭуан.  Аамҭак иалагӡаны сара аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра аҿы алаборантс аус зуан, убри аҟнытә аамҭа рацәа иалагӡаны лареи сареи ҳаинион, насгьы уи аҵара анысҵоз асовет литература азы алекциақәа даҳзаԥхьн. Усҟантәи аамҭазы ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәа-амодернистцәа рбиографиатә дыррақәа зныз арҵагашәҟәқәеи арҵагатә цхыраагӡатәқәеи ыҟаӡамызт, иахьа уажәраанӡа имырӡкәа еиқәырханы исымоуп напыла Бальмонт, Ахматова, Цветаева, уҳәа егьырҭ апоетцәа шьахәқәа ражәеинраалақәа ахьхызыҩлаауаз аблокнот. Исгәалашәоит зны лара сара сахь лхы рханы ус салҳәеит:

«Сара сықәрахь снеихьеит, убри аҟнытә исҭахуп бара асовет литература аҭҵаара алыбхырц, сара сус  иацыбҵарц».

Убас, Татиана Дырмит-иԥҳа  лабжьгарала сара салагеит, иахьа уажәраанӡагьы саҿуп асовет аамҭахәҭа азы аурыс литература аҷыдарақәеи апроблемақәеи рыҭҵаара. Татиана Дырмит-иԥҳа лсааҭқәа реиҳарак сара исылҭеит, уи илыбзоураны сара иахьа снапы злаку – даара бзиа избо аҩажәатәи ашәышықәсатәи апериод иаҵанакуа алитература ала арҵаҩратә усура насыгӡоит. Уи ала иҟоуп ирацәаны аматериал, аха Татиана Дырмит-иԥҳа аконспетқәа рхархәарада аусура лылшон, уи лхала зегьы ҳзеиҭалҳәон.

Уи лемоционалтә гәазҭазаара, иҟалҵоз зегьы аинтерес акра, азҿлымҳара, гәыкала азнеира ирыбзоураны азыӡырҩы иҟынӡа шьахәлаҵәҟьа инеиуан ауниверситет аҿы изхысуаз арҿиамҭақәа рыспецифика. Татиана Дырмит-иԥҳа аԥсшьара иаамҭоуп ҳәа ианылыԥхьаӡа, иаанхаз лсааҭқәагьы сылҭеит. Лареи сареи акыр шықәса шҳабжьазгьы, сара сзы уи лабадырреи аус лыцуреи даара акырӡа аанагоит, уи илҿызҵааз акыр ирацәоуп.  Даара сгәы иалоуп уи лҿара ашықәсқәа рзы дызқәшәақәаз ауадаҩрақәа рзы лгәалашәарақәа ахьанысымҵаз. Сара гәыблыла дысгәаласыршәоит ари ауаҩ ссир, уи сыԥсҭазаара аҿы ллагала есымшагьы пату сзақәзаауеит, сыԥсы ҭанаҵы исхашҭраны сыҟаӡам».       

Аурыси аҳәаанырцәтәи алитература аҭоурых акафедра арҵаҩы еиҳабы Кобахьиа Елена Владимир-иԥҳа:

«Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа ҳарҵаҩы лакәын, уи даҳзаԥхьон асовет литература.  Лара даара агәыкра злаз, алафҳәара здыруаз, издызкылоз уаҩын. Уи лзыӡырҩра гәахәара дууп зегьы рзы.   Лара даара аҟыбаҩ ду злаз, зхы инакны зшапаҟынӡа иинтеллигентыз, аемоциалра злаз ԥҳәысын, лара агәырҵҟәыл бзиаӡа лыман, ахаангьы аиҿагылара аҟынӡа лхы налгомызт, лара иарбан хҭысзаалак аганахьала лхатәы, иҷыдоу азнеишьа лыман. Татиана Дырмит-иԥҳа аметериал азнагашьа убас ала дақәшәон, арҿиамҭақәа рсиужетқәа убас иаҳзеиҭалҳәон, урҭ рыԥсы ҭаланы убла иаахгылон, иаразнак арҿиамҭа аԥхьара угәанарԥхон.  Лара иаҳзеиҭалҳәон апоетцәа, ашәҟәыҩҩцәа, аҭоурыхтәи акультуреи аҟазареи русзуҩцәа рыԥсҭазаара  иадҳәалоу, аинтерес зҵоу афактқәа. Уи ласы-лассы лыҩныҟа ҳаалыԥхьон. Араҟа акы еиԥшымыз атмосфера аҳра ауан».

Аҭоурыхтә наукақәа рдоктор, алитературадырҩы Папасқьыр Алеқсеи Луман-иԥа:

«Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа сара аҵара анысҵоз  рҵаҩыс дыҟан. Лара Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иҭаацәараҿы илызҳаит, илылалеит ари аҩны иреиӷьу алитературатә традициақәа, уи даара лаб диеиԥшын. Татиана Дырмит-иԥҳа даара ибзиаӡаны алекциақәа дрыԥхьон, уи убас арҿиамҭақәа рсиужетқәа еиҭалҳәон, урҭ ахҭысқәа рыгәҭа уҟоушәа угәылархалон, ҳара астудентцәа ауада аҿы амҵ ԥыруазар иуаҳауа ҳаԥсы ӡаны ҳалзыӡырҩуан. Татиана Дырмит-иԥҳа асеминартә зыҟаҵарақәа раан дсазҵаауан иарбан хәшьароу исоурц исҭаху ҳәа, саргьы аҭакс хԥа роуп сзыԥсоу ҳәа аҭак ҟасҵон. Аҳәынҭқарратә ԥышәарақәа раҭара аамҭа анааи , сара, исымаз сдыррақәа зегьы аарԥшны ахәшьара хәба соуит, уи даара гәахәарала илыдылкылеит Татиана Дырмит-иԥҳа Гәлиа. Акыр шықәса ааҵуаны ашьҭахь ҳусниверситет аҿы арҵаҩцәа, ҳара усҟан лафны ҳхазы ишаҳҳәоз еиԥш, абыргцәа ршьапылампылтә команда ыҟын.  Сара исгәалашәоит, Татиана  Дырмит-иԥҳа атрибуна аҟынтәи ҳкоманда азы иреиӷьу азеиӷьашьарақәа  шыҟалҵаз, уи есымша ауниверситет аԥсҭазаара далахәын. Маргарита Глеб-иԥҳа Ладариеи лареи ҳкафедра иреиӷьӡоу арҵаҩцәаны иҟан, урҭ рыбзоурала  ҳара ҳҟынтәи аӡәырҩы рыԥсҭазаара анаука иадырҳәалеит».

Татиана Дырмит-иԥҳа дҳалагыламиижьҭеи акыр шықәса  шыҵуагьы, уи ауниверситет, акафедра, астудентцәа зегьы  рыԥсҭазаара аҿы хәызмаӡам ллагала акырӡа идууп.  Лара лаб иҭынха ахьчарала ихьӡ-иԥҳа еихаҳауа  Д.И.Гәлиа илитература-мемориалтә музеи ахыҵхырҭаҿы дгылан, аԥҳа луалԥшьеи аҵарауаҩ иуалԥшьеи зеиӷьаҟам ала иналыгӡеит.

 

 

 

 

 


Read 113 times - Аԥшьаша, 25 Мшаҧы 2024 12:18
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.