АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Мшаҧы.2024

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада ҿыц Чынгыз Раиымбеков дидикылеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ахада ҿыц  Чынгыз Раиымбеков дидикылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла Анапхгара аофициалтә саит.

Амиссиа ахада ихаҭыԥуаҩ Борис Казанба дызлахәыз ари аиԥылара аҿы ирылацәажәеит Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа араҟа инанагӡо апроектқәа.

Амиссиа анапхгаҩ Ҿыц атәыла аԥыза-министр ԥхьаҟатәи аусура азы иҟоу азԥхьагәаҭарақәа ртәы изеиҭеиҳәеит.

Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа ареспублика аҿы имҩаԥнаго аусуа ахәшьара аҭо, Алеқсандр Анқәаб, ахәҭакахьала, уаанӡатәи Амиссиа анапхгаҩцәа ауааԥсыра рзы акыр иуадаҩыз аамҭақәа рзы агуманитартә ҭагылазаашьа аиӷьтәаразы рлагала атәы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Ҳара ҳзы Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Акомитет Амиссиа аус ацура аҵак ду амоуп. Атәыла анапхгара шықәсырацәалатәи ҳусеицура ацҵара иазҿлымҳауп, аиҳарак, аибашьраан хабарда ибжьаӡыз ауаа рыԥшаара аганахьала.  Иаҳдыруеит, Амиссиа ари аусура ахшыҩзышьҭра ду шанаҭо, уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз аформатқәа рҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраареи адгылареи рыҟаҵара ҳазхиоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.


Read 188 times - Амҽыша, 21 Мшаҧы 2024 15:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.