АЖӘАБЖЬҚӘА

21.Мшаҧы.2024

Жәларбжьаратәи агуманитартә проект «Ақьиара Амиссиа» Аԥсны мшаԥымза 22 инаркны лаҵарамза 4 аҟынӡа имҩаԥыслоит.

Аҟәа. Мшаԥымза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза  22 инаркны лаҵарамза  4, 2024 шықәсанӡа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Москватәи аҳәынҭқарратә акультура Аиститут алархәны Жәларбжьаратәи агуманитартә проект «Ақьиара Амиссиа» нанагӡалоит. Апроект  Аԥсны араионқәа зегьы амханакуеит.

Москватәи аҳәынҭқарратә акультура Аинститут 38-ҩык астудентцәеи арҵаҩцәеи 12 мшы ирылагӡаны актиортә ҟазареи арежессуреи рзы амастер-классқәа мҩаԥыргалоит, аинтеллектуалтә хәмарреи бреин-ринги мҩаԥыргоит, ареспублика аҿари дареи еиԥылоит, иара убас згәабзиара алшара ԥку ахәыҷқәа рзы амастер классқәа мҩаԥыргоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра апресс-маҵзура.

Апроект ахықәкы хаданы иҟоуп акультуреи аҵарадырреи русхкқәа рганахьала аԥсны-урыстәылатәи аимадарақәа рырӷәӷәара. Амиссиа апрограмма аганқәа ркультуратә еидкылара (аконсолидациа) иазырхоуп.

Апроект ахықәкытә аудиториа  – агуманитартә наукақәа рфакультетқәа рыстудентцәа, ареспублика аҿар, Акультура Аҟәшақәа русзуҩцәа, згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа роуп.


Read 195 times - Амҽыша, 21 Мшаҧы 2024 16:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.