pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иахьа, Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла аганахь ала иҟанаҵаз арратә агрессиа 15 шықәса  аҵра амш аҽны, Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҷыдалкаатә зинмчы змоу Ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Қьырса Аԥсҿыхҩы Иныхабаа аҿы ахара здымкәа ишьыз Аахыҵ-Уаԥстәыла ауааԥсыра, нанҳәамза, 2008 шықәсазы иҟалаз бџьаршьҭыхлатәи агрессиа аҿы иҭахаз урыстәылатәии аахыҵуаԥстәылатәии аруааи ргәалашәаразы имҩаԥысыз Апанихида ихы алаирхәит.

Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Қырҭтәыла  аганахь ала Аахыҵ-Уаԥстәыла иазыҟаҵаз агрессиа 15 шықәса ахыҵра инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.  

«Аԥсны жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи ҳаиашьаратә Республика Аахыҵ-Уаԥстәыла ақырҭуа агрессорцәа анақәлаз аахыс 15 шықәса аҵра амш аҽны иазгәасҭарц сҭахуп лахьеиқәрала ишҳадаҳкыло ауаԥс жәлар рзы ихлымӡаахны иҟалаз ари амш.

Қырҭтәыла анапхгара аӡбара аднакылеит раԥхьа Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспублика шьаҭанкыла ақәхра, анаҩс Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы. 

Ақырҭуа ган, уи аамҭазы имҩаԥысуаз  аҭынч еиҿцәажәарақәа ахахьы иаамгакәа, Аахыҵ-Уаԥстәыла аганахь ала арбџьар мчқәа рхы иадырхәеит.

Ауаԥс жәлар ргәымшәареи рфырхаҵареи, иара убас Урыстәыла Афедерациа анапхгара аганахь ала имҩаԥгаз аусеиҿкаареи ирыбзоураны, аиҿагылара аанкылара алыршахеит. Қырҭтәыла аҭынчра ашьақәыргылара иазааргеит, ҩ-республикак риашьаратә жәларқәа ақәӡааразы иҟаз ашәарҭара иацәыхьчан.

Аԥсынтәыла иахьа ари аибашьра иалаӡыз ргәалашәара мҩаԥыргоит, ауаԥс жәлар ргәырҩа рыцеиҩыршоит. 

Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа аганахь ала иҭабуп ахаҳҳәаауеит Аахыҵ-Уаԥстәыла Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи адгылара ахьрынаҭаз азы.

Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭа аамҭа уадаҩ иҭагылоуп, атәыла анапхгареи аурыс жәлари ганрацәала ацхыраара рыҭара ҳшазхиоу атәы ҳҳәоит.

Ас еиԥш иҟоу ахҭысқәа уаҳа иҟаларым ҳәа, ҳауаажәлар аҭынч ԥсҭазаареи аизҳазыӷьареи рԥеиԥшхап ҳәа агәыӷра ҳамоуп".

 

 

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы акәантрабати аҳазылхартә зинеилагарақәеи рҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәа «Експорт» ахырхарҭаҿы амашьыналасқәа рҳазылхратә гәаҭареи арежими рзона аҿы Урыстәыла атәылауаҩ зыԥсҟы икыз амашьына ааныркылеит. 

Аидараҭыԥи амашьына асалон ашьҭахьтәи ахәҭеи ргәаҭараан иаарԥшын амхрагьы мҩаԥган 49 600 цыра асигареҭ, уи аҟазаара азы ишьақәыргылоу аформала адырра ҟаҵамызт.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Нанҳәамза 2 рзы, Аҟәа ақалақь, Анатоли Карпов ихьӡ зху ашаматтә школ аҿы аусура иалагоит   XX Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль «Аԥсны Опен 2023». Ари афестиваль 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш 30-шықәса ахыҵреи Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 15-шықәса аҵреи ирызкуп. 

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы акәантрабати аҳазылхартә зинеилагарақәеи рҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәа «Експорт» ахырхарҭаҿы амашьыналасқәа рҳазылхратә гәаҭареи арежими рзона аҿы Урыстәыла атәылауаҩ зыԥсҟы икыз амашьына ааныркылеит. 

Аидараҭыԥи амашьына асалон ашьҭахьтәи ахәҭеи ргәаҭараан иаарԥшын амхрагьы мҩаԥган 49 600 цыра асигареҭ, уи аҟазаара азы ишьақәыргылоу аформала адырра ҟаҵамызт.  

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара «Кьиараз» аусзуҩцәеи аволонтиорцәеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) Аҟәатәи аофис иҟанаҵаз ацхыраарала, ԥхынгәымзазы ахәыҷтәы лагерь «Аԥеиԥш»  аусура еиҿыркааит. Араҟа рыԥсы ршьеит Агәыҳалалратә уаажәларратә Еиҿкаара «Кьиарази» аҭаацәеи ахәыҷқәеи рсоциалтә цхыраара азы Амаҵзуреи рҟынтәи асоциалтә дгылара зауа Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҟынтәи  30 - ҩык ахәыҷқәа.

Ахәыҷқәа алагерь аҿы ҩымчыбжь рыԥсы ршьон, уи аамҭа иалагӡаны дара аԥсшьараамҭа ахгареи арҿиаратә дыррақәа рырҳареи рзы алшара роуит. Алагерь аиҿкааҩцәа алекциақәеи амастер-классқәеи мҩаԥыргеит, иара убас Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа рахь аекскурсиақәа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы азакәанмчы змоу Анас Кьышьмариа ашәахьа, ԥхынгәымза 31 рзы дылҭааит Гал инхо Иамзе Агәмаа. Уи ԥхынгәымза  31, 2023 шықәсазы лыԥҳа Наҭииа Бахтаӡе хабарда лыбжьаӡра инамаданы азинхьчратә усбарҭақәа рахь иаарту ааԥхьара ҟалҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Лусбарҭа апресс-маҵзура.

Анас Кьышьмариа Иамзе Агәмаа длыҿцәажәо, Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи лареи  иааиԥмырҟьаӡакәа аимадара шрыбжьоу, насгьы урҭ ирымоу алшарақәа зегьы Наҭииа Бахтаӡе лыԥшааразы рхы ишадырхәо азы адырра лылҭеит.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа иҟарҵо адыррақәа рыла, уажәазы дара аоперативтә информациақәак рымоуп, аха уи макьаназы аларҵәара ҟалаӡом, избан акәзар уи аԥшааратә усура аҷыдарақәа ирыдҳәалоуп.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Адгәыр Ашәба  Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс иҟаҵара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

«Ашәба Адгәыр Мераб-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵазааит», - ҳәа иаҳәоит нанҳәамза 1 азы иҭыжьыз Аусԥҟа атекст аҟны.

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла акультура Аминистрра ааԥхьарала Аԥснытәи аделегациа нанҳәамза 10-12 рзы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуа II Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы культуратә форум аусура ахы аланархәуеит.  Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура. 

Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2023. шықәса  Аԥсныпресс. Нанҳәамза 1 азы Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика иналукааша аруаҩ, аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи аусзуҩ, аԥсуа диаспора ахаҭарнак, аинрал Уалид Маршьан Абаза иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан  75 шықәса  (01.08.1948 – 14.10.2017 шш.)

Уалид Маршьан диит шьамтәылатәи ақалақь Аль-Кунеитра.  Уи далгеит Арратә академиа. 1967 шықәса инаркны абџьар кны Шьамтәыла аинтересқәа рыхьчаразы дгылан, шьамтәыла-израильтәи аибашьра далахәын, Мрагыларатәи Ливан атәылауаҩратә еибашьра далахәын.

Акыр шықәса инеиԥынкыланы Уалид Маршьан Шьамтәыла ашәарҭадара Амаҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Ианиаамҭаз  иара атәыла Ахада, уажәтәи атәыла Ахада Башар Асад иаб Хафиз Аль-Асад хаҭалатәи ихьчаҩыс дыҟан. 

2005 шықәсазы уи ԥхьатәара дцеит, аха  2011 шықәсазы Шьамтәыла аибашьра аналага, иара хатәгәаԥхарала жәлар рҿагылара аотриад аԥиҵеит, уи иахьа уажәраанӡагьы иҟоуп. 2013 шықәсазы  Уалид Маршьан Башар  Асад напхгара зиҭо Арабтәи асоциалисттә  еиҭарҿиара Апартиа Аль-Кунеитра ақалақь аҿы иҟоу аҟәша напхгара аиҭон. Ари аҭыԥ аҿы уи диԥсахит иара иԥеиҳабы Халит Маршьан.

Шьамтәыла иҟоу аԥсуа диаспора активра злоу ахаҭарнак иаҳасабала иара аԥсуа жәлари шьамтәылатәи ажәлари реизааигәатәра аус азы иҟаиҵаз маҷӡам. Уалид Маршьан изныкымкәа Аԥсны даҭаахьан.

Уалид Маршьан Абаза иашьцәеи иареи раԥхьаӡа акәны Аԥсны иаҭааит 1982  шықәсазы. Уи ашьҭахьгьы иҭоурыхтә ԥсадгьыли  иареи реимадара мыӡит. Иашьеиҳаб Маҳмыд-Ҳаисам иԥа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра далахәын. Леон Иорден ианашьоуп.

Уалид Маршьан иҭаацәа Шьамтәыла ибзианы ирдыруеит. Хҩык аишьцәа Маршьанаа – Мамдыхә, Шарафи Уалиди аруаан.  

Уалид иашьеиҳабы Мамдыхә Маршьан Абаза Шьамтәыла Арра-ҳаиртә Мчқәеи аҳаиртә хыхьчаратә мчқәеи ркомандаҟаҵаҩыс дыҟан, аинрал-леитенант ҳәа арратә хьӡы ихын.   Дҭахеит 1982 шықәсазы, 42 шықәса шихыҵуаз.  Егьи иашьа Шараф Маршьан Абаза – арратә ҳақьымын, хынтә Шьамтәыла Апарламент адепутатс далырххьан. Уалид Џьансеҭ Казанба  убасҵәҟьа Шьамтәыла Апарламент адепутатс далырххьан.

Уалид Маршьан ихаҭа шьамтәылатәи ар раԥхьаӡатәи зегь реиҳа иқәыԥшу аинралны дҟалеит. Усҟан иара  31-шықәса ракәын ихыҵуаз.

Уалид Маршьан 69 шықәса дшырҭагылаз,  жьҭаарамза 14, 2017 шықәсазы, акыраамҭа ихьуаз ачымазара уадаҩ ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит. Анышә дамадоуп Шьамтәыла аҳәынҭқарратә  усзуҩцәа  Рпантеон аҿы.

Ажьырныҳәамза 24, 2019 шықәсазы аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны аҳәынҭқарратә Еилакы ахыбра аҿаԥхьа иҟоу асквер аҿы иаартын иналукааша Уалид Маршьан ибаҟа.  Абаҟа автор  –  аԥснытәи аскульптор Витали Џьениа.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.