«Ԥыхьатәи Асовет Еидгыла еиднакылоз атәылақәа рҵакырақәа рҿы аҭагылазаашьа аибарххара иашьҭаланы, Еиду Амеркиатәи Аштатқәеи уи амҵакьакьаҩцәеи приднестровтәии егьырҭ аконфликтқәеи рырҿыцра, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи «аҩбатәи афронт аартра», Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалара аиԥҟьара, Агәҭантәи Азиа аҭагылазаашьа анырра аҭара азы аинструмент аҳасабала афгантәи афактор ахархәара, уҳәа азы аҽазышәараақәа мҩаԥыргоит», – ҳәа иҳәеит иара.
«Убри аан сара агәра ганы сыҟоуп, араҟа иҟоу шәахьынтә аӡәгьы ажәларқәа рлахьынҵа акала иазымхәыцуа америкааи европааи инарыгӡо аполитика реалла иамоу ахықәкқәа рганахьала аиллузиақәа шимам», - ҳәа иажәа хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла адәныҟатәи аԥшыхәра Амаҵзура адиректор.
Иазгәаҭатәуп, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аҿы аҭагылазаашьа аиԥҟьара иазку апроцессқәа рҿы Еиду Америкатәи Аштатқәа рганахьала агрессиатә ҟазшьа аҩаӡара ессааира иазҳалоит, ҳәа игәаанагара иҳәеит Сергеи Нарышкин.