АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа аԥсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара азы ауснагӡатәқәа рыплан иалацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  14 рзы  Дамаск ақалақь аҿы Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәылатәи иколлега Феисал Микдади реиԥылара мҩаԥысит. Ари хымш рыла аҩбатәи еиԥылароуп.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адыррақәа рыла, аганқәа еиуеиԥшым аусхкқәа рыла аԥсны-шьамтәылатәи аизыҟазаашьақәа рырҿиара азы ауснагӡатәқәа рыплан иалацәажәеит.

Инал Арӡынбеи Феисал Микдади рыбжьара алҵшәа змаз аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит. Аминистрцәа Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара адәныҟаполитикатәи аинформациатәи акоординациа активизациа азура азы еиқәшаҳаҭхеит.

Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика адәныҟатәи аусқәа рмнистр Феисал Микдад Инал Арӡынба диҳәеит Ареспублика Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала асалам ииҭарц. 

 


Read 215 times - Ахәаша, 15 Ԥхынҷкәын 2023 00:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.