АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2023

Даанкылоуп атәым мазара аӷьычразы игәҩароу Ҭенгиз Қапба.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Даанкылоуп Аҟәа араион Баслаҭа ақыҭа аҿы ахатәыҩны аҟынтәи атәым мазара аӷьычразы игәҩароу Ҭенгиз Қапба.

Азинхьчаратә усбаҭақәа рверсиа ала, иара аҩны аԥенџьыр ала дыҩналаны аԥаратә хархәагақәеи ахьтәымаҭәақәеи иӷьычит.

Иӷьычыз азеиԥш хәыԥса 222 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Ҭенгиз Қаԥба дахьыҟоу аилкаареи иаанкылареи иазкыз аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргеит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәеи Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аоперативтә еилазаареи.  Ацәгьауразы игәҩароу даанкылоуп, аиувелиртә маҭәахәқәа имхуп.

Аԥсны Ашьаус-еиҿкааратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 19 ахәҭа 7, азгәаҭа 1  инақәыршәаны, иарбоу, мамзаргьы иаарԥшу ахаҿы азыӡба, ма аихшьаалатә аӡбаратә ӡбамҭа азакәанмчы анаиулак ашьҭахь ауп ахара идуп ҳәа даныԥхьаӡахо.  


Read 239 times - Ахәаша, 15 Ԥхынҷкәын 2023 00:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.