АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2023

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аспорт азгәыбылҩцәа рверсиа ала 2023 шықәсазы иреиӷьу аспортсмен иалкаара азы абжьыҭира хацнаркуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы   аспорт азгәыбылҩцәа рверсиа ала 2023 шықәсазы иреиӷьу аспортсмен иалкаара азы асоциалтә ҳа Instagram аҿы  абжьыҭира хацнаркуеит.  

Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, ԥхынҷкәынмза 25 рзы, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысуеит апремиа «Аԥыза қәыԥш» анашьара иадҳәалоу аныҳәатә церемониа.  

Апремиа ранашьахоит аминистрцәа Реилазаара аструктура иалоу аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи русзуҩ ҿарацәа. Апремиа аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳамҭа иара убас иранашьахоит аспортсменцәагьы. Аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы иҷыдоу аноминациа – аспорт азгәыбылҩцәа рыбжьыҭирала ашықәс иреиӷьу аспортсмен далыркаауеит.

Аноминантцәа рсиа 2023 шықәсазы аспорттә сезон аан доусы реихьӡарақәа рыла ишьақәыргылахон.  Убасала уи иалалеит:  Елҟан Гәазаа (атлетика хьанҭа), Инал Гаделиа (аӡиудо), Ерик Кәарҷиа (астолтә ԥкьаҭмпыл), Даниил Харчлаа (зхы иақәиҭу аиқәԥара), Асҭамыр Асланӡиа (амҵәышәмпыл), Лиудмила Бганба (анапылампыл), Амина Аншба (аԥкьатмпыл), Харитон Агрба (абокс), Џьубеи Аҩӡба (аҽытә спорт), Леон Сабуа (ашьапылампыл), Дмитри Гәазаа (автомобилтә спорт).

Абжьыҭира мҩаԥыслоит ԥхынҷкәынмза 24,  асааҭ 23:59 рҟынӡа. Аиааира згаз ҳәа далкаахоит зфотосахьа аҵаҟа еиҳа алаикқәа зауз.               

 

 


Read 222 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 23:23
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.