АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара атема иазку жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц аусура иалагоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны хара имгакәа еиҳа ииашоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара, аглобалтә економикеи аполитикеи рҿы азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара атема иазку жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц аусура иалагоит.

 Апроект аколлективтә Мраҭашәара аҿагылара азҭаз, зхақәиҭреи зҭоурыхтә лахьынҵеи, змилаҭтә культуреи зхаҭареи зыхьчо ажәларқәеи атәылақәеи ирызхьаԥшуеит», ҳәа иаҳәоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр иҟанаҵо адырраҭараҿы.

Иахьа жәларбжьаратәи аинформациатә проект ҿыц актәи аҭыжьымҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Шьамтәыла Ахада Башар Асади рыбжьара  ателехәаԥшратә еиҿцәажәара мҩаԥысит.

Апроект ҷыда аԥсуа телехәаԥшраҿы еиԥш, Аԥсны иаҩызцәоу атәылақәа ртелехәаԥшрақәа рҿи иддырбалоит.

 


Read 244 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 22:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.