АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа идҵа ала Лаҭа ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа иҭаирхаз авертолиот МИ-8 аԥҽыхақәа Гәдоуҭаҟа инаргеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҭатәи атрагедиа иазку агәалашәаратә церемониа аҿы, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра Гәдоуҭатәи амузеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырба Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵа ала, ҩажәижәеиза шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәынмза 14, 1992 шықәса рзы Лаҭа ақыҭа ианахаԥраауаз ақырҭцәа изеихсны икарыжьыз авертолиот МИ-8 аԥҽыхақәа Гәдоуҭаҟа инаргеит ҳәа адырра ҟалҵеит. 

Гәыгәыца Џьыкырба еизаз иргәалалыршәеит, абри азы лара атәыла Ахада 2022 шықәсазы дышиҳәахьаз, иаргьы илиҭаз ажәа шынаигӡаз, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.  

Усҟан иҟалаз ахлымӡаах рыԥсҭазаара ҿахнаҵәеит 85 –ҩык акагьы зхарамыз ауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан  35-ҩык ахәыҷқәа.

«Аслан Гьаргь-иԥа иҟаҳҵаз аҳәара иаразнак дахаҵгылеит. Иара иахәҭоу анапынҵақәа ҟаиҵеит, убас, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ацхыраарала Лаҭантәи Гәдоуҭаҟа аӷацәа иԥыржәаз авертолиот аԥҽыхақәа раагаразы ҩ-реиск мҩаԥган. Аҳәынҭқарра Ахада иқәиргылаз ахыдҵа анагӡара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниеи. Сара идуӡӡаны иҭабуп ҳәа иасҳәарц сҭахуп Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҳаиҭаз адгылара азы»,- ҳәа инаҵшьны иазгалҭеит Гәыгәыца Џьыкырба.

Гәыгәыца Џьыкырба лажәақәа рыла, иаагаз аверталиот аԥҽыхақәа амузеи аҿы експонатс ицәырыргоит, авертолиот иҭаблыз рфотосахьақәа рыҵаҟа ишьақәыргылахоит, Наунагӡатә амца аркхоит.

Гәыгәыца Џьыкырба иара убас, Аҳәынҭқарра Ахада есымша Аҳәынҭқарратә музеи адгылара аиҭоит ҳәа иазгәалҭеит. 

 


Read 221 times - Ахәаша, 15 Ԥхынҷкәын 2023 22:07
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.