АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Ԥхынҷкәын.2023

Амультсериал «Леои Тигеи» афырхацәа аԥсышәала ицәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи анимациатә хәыҷтәы мыльтсериал «Леои Тигеи» аперсонажцәа аԥсышәала ицәажәеит.

«Леои Тигеи» – Тига захьӡу ицәыблагәу алышькьынтыр хәыҷи абжьасԥшҟаԥшь Леои ирыхҳәаауп.  Арҭ аԥстәқәа ршәарақәа ириааины аӡәи-аӡәи еицхырааны изықәшәо ахҭысқәа зегьы рҟынтәи лыԥхала иалҵует.

Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филамониа аҿы имҩаԥысит аԥсуа бызшәахьы еиҭагоу амультфильм аӡыргара. Амультфильм ахәаԥшразы ааԥхьара рырҭеит аҟәатәи ашколқәа реиԥш егьырҭ араионқәа рышколқәагьы рҟынтәи ахәыҷқәа.

Амультфильм адублиаж аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿаҵа ала акиностудиа  «Абхазфильм» аҿы иҟаҵан.   

Адублиаж  арежиссиор – акинорежиссиор, Аԥсны жәлар рартист Вичеслав Аблоҭиа. Иара ари ахәыҷтәы мультсериал алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ари афильм даара гәахәарыла иахәаԥшуеит ахәыҷқәа реиԥш адуцәагьы. Ари амульсериал залаҳхызеи?  Изалаҳхыз убри ауп, уи афырхацәа даара иқьиоуп, иҟәышуп, ацхыраара  иазхиоуп, иара убас аиумор рымоуп».

Афильм аус адырулон Анри Гәынбеи Алхас Марколиеи.

Афырхацәа абжьы рхарҵон Милана Ломиеи Саида Габниеи.

«Саида Габниа уаанӡагьы аус ҳацылухьан. Лара иара убас «Рапунцель», «Ихьшәашәоу агәы» афырхацәа абжьы рхалҵон, лара убасҵәҟьа афильм аҿы ашәа лҳәоит. Асериал аус адиулон иара убас Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист Роман Сабуа.  «Саргьы абжьы зхазҵо арольқәа ыҟоуп», – ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Виачеслав Аблоҭиа.   

Зынӡа аԥсуа бызшәахьы еиҭагоуп 11 сериа. Аусура фымз имҩаԥысуан.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Гәында Кәыҵниа русура аҿы дара асахьаркыратә фильмқәеи амультипликациатә фильмқәеи рдублиаж аҟаҵара ахшыҩзышьҭра ду арҭоит ҳәа иазгәалҭеит.

«Ари афинантә лагалақәа маҷымкәа изҭаху имариам усуроуп. Аха ҳара уи акыр зҵазкуа хра злоу усуроуп ҳәа иҳаԥхьаӡоит.  Здублиаж ҟаҵоу амультфильмқа рколлекциа убри аҟара идууп, хазы иҟоу аԥсышәала ицәажәо амультфильмқәа рзы  ахәыҷтәы канал аауртыртә иҟоуп» – ҳәа иазгәалҭеит Гәында Кәыҵниа. отметила Гунда Квициния. 

 


Read 184 times - Аԥшьаша, 14 Ԥхынҷкәын 2023 19:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.