Аколлектив арепертуар аҿы иҟоуп 450 инареиҳаны ахатәы аранжировкақәа, хыԥхьаӡара рацәала еиуеиԥшым астильқәа (аопера, џьаз, поп, рок, аклассика, фолк, латино, танго, акино амузыка, ретро, акаверқәа, уҳәа убас иҵегьы) ирыҵанакуа амузыкатә програмақәа, иҷыдоу, акы еиԥшым амузыкатә материал адгалара.
Аконцерт мҩаԥгахоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра, Гал араион Ахадара, аԥсны-урыстәылатәи агуманитартә инициативақәа адгылара рыҭаразы Агәыҳалалратә фонд иҟарҵаз ацхыраарала .
Аконцерт алагара аамҭа – асааҭ 17:00 рзы, аҩналара – ааԥхьаратә билеҭқәа рыла.