АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынҷкәын.2023

Ԥхынҷкәынмза 25 рзы имҩаԥысуеит Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашаеи ансамбль аҳасабырбатә концерт.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 25 асааҭ 18:00 рзы, Р.Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармона аҿы имҩаԥысуеит Ареспублика Аԥсны зҽаԥсазтәыз Аҳәынҭқарратә жәлар рашәаҳәареи рыкәашаеи ансамбль аҳасабырбатә концерт.  

Аҳәынҭқарратә ансамбль ахәаԥшцәа ирыднагало апрограмма аҿы иҟалоит аԥсуа жәлар рашәақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп: «Гәыдиса», «Аҳәсеибацәа», алафашәа «Рафида», афырхаҵаратә ашәақәа – «Озбақь», «Киахьба Ҳаџьараҭ», ажәытә хьыӡрацарашәа– «Самаҭхәа», аритуал-фырхаҵарашәа – «Ахрашәа», уҳәа убас егьырҭгьы.

Иара убас ахәаԥшцәа ирыдгалахоит аԥсуа жәлар рыкәашарақәеи авокал-хореографиатә сахьақәеи «Аԥсуа чара», ауапақәа рыла акәашара «Ауапакәашара», аибаркыратә кәашара «Аураашьа».


Read 369 times - Ахәаша, 15 Ԥхынҷкәын 2023 21:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.