АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Ԥхынҷкәын.2023

Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы Ҭамаз Абыхәба 15 шықәса ҭакрала ахгара иқәырҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 14, 2023 шықәса азы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аҿы, аӡбаҩ  Зураб Аџьынџьал ихантәаҩрала,  атәылауаҩ Абыхәба Ҭамаз Роман-иԥа Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ  99, ахәҭа 2, апунктқәа «д», «з» инақәыршәаны (Цәгьахәыцрала, мҽыӷрыла ауаҩшьра), ацәгьоурақәа рзы ахара идҵара азы ашьаустә материалқәа рыхәаԥшра мҩаԥысит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Апрокуратура Хада апресс-маҵзура.

Аӡбарҭа азыӡба инақәыршәаны, Абыхәба Ҭамаз Роман-иԥа  ишәарҭоу рецидивиступ ҳәа дшьаны иҷыдоу арежим змоу ариашаратә колониа аҿы  15 шықәса ҭакрала ахгара иқәырҵеит.

Ҭамаз Абыхәба ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡаны иус рыӡбеит. Ахҭыс аҭыԥ аман хәажәкыра 30, 2022 шықәсазы, асааҭ 9:00 рзы. Ҭамаз Абыхәба Анри Лери-иԥа Чхабелиа уаанӡа имихәҳаз амашьына "Тойота Марк II" 215 нызқь мааҭ ахшәаара иҭахымызт. Иара цәгьахәыцрыла Чхабелиа Анри Лери-иԥа уара уҿы исықәу суал усҭоит ҳәа джьаны Очамчыра араион Баслахә ақыҭахь диманы дцеит. Уа, Чхабелиа Анри уаҩы иахьиҿырхасым абнараҿы днаганы жәахәантә аҳәызба илеиҵеит. Чхабелиа Анри иоуз ахәрақәа ирыхьҟаны иара уааҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит.

 


Read 147 times - Ахәаша, 15 Ԥхынҷкәын 2023 20:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.