Аҟәа. Хәажәкырамза 15, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр хәажәкырамза 14 рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа аҿы изаамҭанытәиу аҳасабырбатә концерт мҩаԥнагеит.
Ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы, адирижиор – акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Денис Арухаа.
Аоркестр инанагӡеит еицырдыруа аԥсуа жәлар рырҿиамҭақәеи ҳаамҭазтәи амузыкатә ԥҵамҭақәеи. Аԥсуа музыкатә рҿиамҭақәа рыдагьы инарыгӡеит Нхыҵ Кавказтәи ажәларқәа рмелодиақәа, ирландтәи акәашаратә музыка, Адриано Челентано иашәа «Сюзанна», Ара Геворкиан иинструменталтә композициа «Арцах».
Апрограмма асасцәаны иқәгылеит ашәаҳәаҩцәа Алиас Абыхәба, Џьими Шәманиа, иара убас авокалистка қәыԥш Сариа Аиба.
Џьими Шәманиа инаигӡаз ашәа «Трофей» 1992 – 1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраан Оҭар Хәынцариа ииҩыз ашәоуп.
Амузыкантцәа рықәгыларақәа рышьҭахь ахәыԥшцәа рнапеинҟьара акыраамҭа еиқәтәомызт.
Оҭар Хәынцариа имузыка ала иҩу «Аҿар ргимн» раԥхьатәи анотақәа инадыркны азал зегьы гыланы ашәаҳәаҩцәа уи рыцырҳәо иалагеит.
Аоркестр ахәаԥшцәа ргәазыҳәара нагӡо еиҭанарыгӡеит аԥсуа жәлар рашәа «Азамаҭ» амелодиа.
«Даараӡа иҭабуп ҳәа раҳҳәар ҳҭахуп аколлектив зегьы зеиӷьаҟам аконцертқәа рзы! Даҽазныкгьы ҳара гәахәара дула ҳахәаԥшит аконцерт, акыраамҭазгьы ҳгәалаҟазаарагьы шьҭаҳхит!» – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит ахәаԥшцәа руаӡәы.