Алықьса Гогәуа иналукааша ашәҟәыҩҩы, ауаажәларратә усзуҩ иаҳасабала Аԥсны анҭыҵгьы деицырдыруеит.
Алықьса Ноча-иԥа Аԥсны имҩаԥысуаз ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаара еснагь активла далахәын.
1988 шықәсазы Асовет Еидгыла жәлар рдепутатс далырхит (1988-1991). Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ауаажәларра-политикатә ҵысра – Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара», иара уи дахагылан. Аԥсны аҭоурых здыруа зегьы еилыркаауеит ари афорум аԥсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәԥараҿы ароль хада шааннакылаз.
Аԥсуа жәлар рыԥсадгьыл аҿы рхы иақәиҭны, рхы ҳәаақәырҵо иҟалартә еиԥш жәашықәсала иззықәԥоз рзинқәа «Аидгылара» анаԥырҵа нахыс ҽаԥарак ԥхьаҟа ицеит. Усҟантәи аамҭазы, ақыртқәа Аԥсны иахаԥаны ианыҟаз, «Аидгылара» мацара акәын аԥсуа жәлар ринтересқәа рыхьчара иазкыз. Ари аиҿкаара цхыраагӡа духеит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра (1992-1993шш.) аламҭалазы ажәлар рымчқәа реидкылараҿы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аналага, иҩызцәеи иареи ижәлар аинтересқәа рыхьчара азы ирылшо зегьы ҟарҵон.
Алықьса Гогәуа – иахьа даҳдыруеит ажәабжьқәеи, аповестқәеи, ароманқәеи, акритикатә статиақәеи апублицистикеи равторк иаҳасабала. Гогәуа ироман-рапсодиа «Асду» акәзар, аԥсуа литератураҿы иналукааша аԥҵамҭахеит, Асовет Еидгыла иалаз ажәларқәа жәпакы рбызшәақәа рахь еиҭаргеит, иара убас европатәи абызшәақәеи аиапон бызшәеи рахь.
Алықьса Гогәуа ихаҭагьы аиҭагара инапы алакуп. Иара ибзоурала аԥсышәала ҳрыԥхьоит Фиодор Достоевски иҩымҭақәа «Ацәгьоуреи ахьырхәреи», «Аҵх лашақәа», Лев Толстои иҩымҭа «Иван Илиа-иԥа иԥсра», Константин Федин «и-Аԥсуа ажәабжьқәа» уҳәа убас иҵегьгьы.