Иара убас даҽа машьынак TOYOTA ALPHARD агәаҭараан ирыԥшааит изакәанымкәа зыиагара иазкыз аҭаҭын аалыҵқәа. Аминивен аԥсҟы икын Аԥсны атәылауаҩ. Иарбоу амашьынаҿы ирыԥшааит 73 бло (730 пачка) асигарет «MORIO CRYSTAL GOLD SLIMS». Аҭаҭын аалыҵи амашьынеи рымхуп. Административтә зинеилагарақәа рзы аусеилыргарақәа хацыркуп.
20.Ԥхынҷкәын.2023
Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа 1930 пачка асигареҭ алагалара ԥхьдырҟәҟәааит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 20, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Адлер иҟоу Краснодартәи аҳазалхра иатәу Ганрацәалатәи Автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Пункт аусзуҩцәа изакәанымкәа аҭаҭын аалыҵқәа, автотранспортқәа ҩба иҭаҵәахны рыиагара иадҳәалоу афакт аадырԥшит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Убас, автомашьына CHEVROLET LANOS агәаҭараан, ҷыдала еиқәыршәаз априбортә панель аҵаҟа ирыԥшааит аҭаҭын аалыҵқәа. Ари имаӡоу аҭыԥ аҿы «BUSINESS ROYALS» ҳәа ахьӡ змоу 120 блок (1200 пачка) асигареҭ аиагара рҽазыршәон. Иарбоу аҭаҭын аалыҵ зегьы урыстәылатәи акцизтә маркақәеи иҷыдоу адыргақәеи рықәыргыламкәа ииаргон. Аҭаҭын аалыҵ зегьы уи зҭаз амашьынеи рымхра мҩаԥгоуп.