Дмитри Осиа, иааиуа ашықәс абиуџьет 287 миллион мааҭ рыла аизҳара алзыршаз ақалақьтә шәахтә маҵзура аеффективра злоу аусура ауп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аҵарадырреи анаукеи акультуреи адинхаҵареи рзы адепутаттә комиссиа ахантәаҩы Асида Дбар аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба иҭабуп ҳәа иалҳәеит 2024 - тәи ашықәс аҵарадырра иашықәсны иахьрылаҳәоу азы. Лара аҵарадырра аусхы аҿы иҟоу ауадаҩрақәа ртәы еиҭалҳәеит, ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи рматериал-техниатә еиқәыршәара азҵаара дазааҭгылеит. Асида Дбар, ахәҭакахьала, афымцамч ахәԥсеи ауаажәларратә транспорт аҿы амҩақьыреи ршәараан арҵаҩцәа рзы альготақәа рышьақәыргыларазы аҳәара ҟалҵеит.
Аҿари атуризми русқәа рзы акомиссиа ахантәаҩы Инал Ҭыжәба иажәақәа рыла, абиуџьет апроект аиҭакрақәа алагалан, урҭ ирыбзоураны аспорттә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы иазԥхьагәаҭоуп ԥыхьа аасҭа 3 миллион мааҭ рыла еиҳау аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ, абиуџьет иара убас иалагалоуп ақалақь аспортсмен ҿарацәа рзы автомашьына аахәаразы аԥаратә хархәагақәа.
Дмитри Осиа агәабзиарахьчара, Анхара-комуналтә Нхамҩа, афымцамч ала аиқәыршәара аусхкқәа рынагӡаразы ахарџь ишацлаз азы адырра ҟаиҵеит. Уи абиуџьет ииашаны еиқәыршәоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба адепутатцәа иааиуа ашықәс аҵарадырра иашықәсны изыԥхьаӡахо атәы, Ахадара ахахьы иагаз аҭакҵхықәрақәа, уҳәа атәы рзеиҭеиҳәеит, ииасуа ашықәс аихшьаалақәак ҟаиҵеит.
Абиуџьети ашәахтәқәеи афинансқәеи аекономикеи азԥхьагәаҭареи рзы акомиссиа ахантәаҩы Давид Чхьеиӡе ииасуа ашықәс хра злоу алҵшәақәа аанарԥшит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи иколлегацәа ирабжьигеит 2024 шықәсазы абиуџьет адкылара.
Аилатәара иалахәын 13 -ҩык адепутатцәа. Урҭ зегьы еицҿакны 2024 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьет адкыларазы рыбжьы рҭиит.