АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Хәажәкыр.2024

Гагра араион Ахадара ахәышәтәырҭа акадрқәа разымхара азҵаара аӡбараҿы иацхраауеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араионтә хәышәтәырҭа Хада анапхгараҭара Гагра араион Ахадара ацхыраарала ззанааҭдырра ҳараку аспециалистцәа разымхара иадҳәалоу апроблема аӡбара азы ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.  

Ахәышәтәырҭа аҿы ареаниматологцәа, атравмотологцәа, ахирургцәа, апедиатрцәа, атерапевтцәа, агинекологцәа ӷәӷәала разымхара ыҟоуп. Даара имаҷуп иалкаау ачымазарақәа иазку аҳақьымцәа, иара убас иазхом амедиаҳәшьцәеи асанитаркацәеи.  

Ас еиԥш араион азы ихымԥадатәиу акадрқәа радыԥхьалара азы, араион Ахадара урҭ нхарҭаҭыԥла реиқәыршәареи уи ахәԥса ашәареи, иара убас егьырҭ азҵаарақәа рҿы адгылара рыҭареи иазхиоуп.  Убас, 2023 шықәсазы, иарбоу ауснагӡатәқәа ирыбзоураны, аԥхынтәи аамҭахәҭа зегьы иалагӡаны Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы аус иуан Ҭҟәаԥстәи ахирург қәыԥш.  2024 шықәсазы Аԥсны агәабзиарахьчара Аминистрра инанагӡо ауснагӡатәқәа рганахьала  мшаԥымза инаркны аусура иалагароуп Уфантәи иаауа ареаниматологцәа.

Иара убас араион Ахадара акушер-генеколог Урыстәыла иҵара ахәԥса ашәара ахахьы иагеит. Уи Ахадареи иареи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны иҵара даналгалак ашьҭахь усура ҳәа Гагратәи ахәышәтәырҭахь даауеит.

2023 шықәсазы амҩа-танспорттә машәыртә хҭысқәа рышьҭахь ахәышәтәырҭахь инаган 221-ҩык апациентцәа. Урҭ рахьынтә 18-ҩык анеирохирургиатә хәрақәа рыман. Актәи амедицинатә цхыраара анрыҭаха ашьҭахь, урҭ ироуз ахәрақәа рыпрофиль иаҵанакуаз ахәышәтәырҭақәа рахь ииаган.    Х-ҩык ироуз ахәрақәа ирыхҟьаны рыԥсҭазаара иалҵит. Егьырҭ, зҭаагылазаашьа акыр иуадаҩны ахәышәтәырҭахь инагаз   16-ҩык апациентцәа ахәышәтәырҭа аҿы астационартә хәышәтәратә цхыраара роуит.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла, зынӡа иҳаҩсыз ашықәс азы араионтә хәышәтәырҭа Хада иадҵаалеит 60-нызықьҩык инареиҳаны.  

«Аҳақьымцәа ирымоу ақәыӷәӷәара атәы унарбоит абарҭ арбагақәа: аԥхынтәи аамҭахәҭа азы, ақалақь иаҭаауа асасцәа рыла ауааԥсыра рхыԥхьаӡара акыр ианазҳауа аамҭа азы, есыҽны ахәышәтәырҭахь инеиуеит 200-ҩык инарзынаԥшуа апациентцәа, убри аан иазгәаҭатәуп, ҳара ишҳамоу хҩык ахирургцәеи х-ҩык атерапевцәеи мацара.  Урҭ аиашазы, аҳақьым-универсалцәа роуп», – ҳәа еиҭалҳәеит Индира  Арсалиа.

Агинекологиа аҟәша аиҳабы Асҭанда Џьопуа лажәақәа рыла, ахшараиуратә ҟәша аҿы зкатегориа ҳараку аҳақьымцәа аус шыруагьы, уеизгьы ахәышәтәырҭа аҿы аспециалистцәа разымхара аныԥшуеит. Аха ахәышәтәырҭахь инарго апациентцәа зегьы планла иазԥхьагәаҭоу еиԥш, ианаҭахха азы зыԥшра ҟамҵакәа иҟаҵатәуи ирласӡоуи амедицинатә цхыраара роуеит. Апациентцәа акагьы аахәара рықәшәаӡом. Ирҭаху зегьы рыла урҭ амедусбарҭа еиқәнаршәоит.

«Цәанырра ԥха аҵоуп мышкала ҳара ҳҿы 17-ҩык рҟынӡа аниуаз аамҭа азы сгәалашәарақәа.  2009 шықәса уи аганахьала ирекордтәны иҟалеит.  Убри ашықәсан ҳара ҳмедусбарҭа аҿы иит 460-ҩык аԥшқақәа. 2023 шықәсазы урҭ рхыԥхьаӡара 130-ҩык рҟынӡа инаӡон, 2024 шықәса алагара инаркны  – 47-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит», – ҳәа илгәалалыршәеит ахәышәтәырҭа агинекологиа аҟәша аиҳабы  Асҭанда Џьопуа.

Араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы иҟоу акадрқәа разымхара апроблема аӡбара Гагра араион ахада ҷыдала ахылаԥшра аиҭоит. Аспециалистцәа радыԥхьалара азы араион Ахадара заԥхьаҟа иҳақьымхараны иҟоу рҵара ахәԥса ахахьы агара иазхиоуп. Убри аан урҭ рҵара анхдыркәшалак ашьҭахь Аԥсныҟа иааны аҭыԥантәи ахәышәтәырҭа аҿы аус рулар акәхоит. 

 

 

 

 

 


Read 208 times - Амҽыша, 31 Хәажәкыр 2024 14:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.