Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
«Атеатртә ҟазараҟны алшамҭақәа рзы, иҳараку апрофессионалтә ҟазаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз артист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит Ф.А. Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә адраматә аурыс театр актиорцәа, иналукааша асцена аҟазацәа: Абыхәба Осман Олег-иԥа, Депелиан Рубен Аркади-иԥа, Спафопуло Серафима Харлампи-иԥҳа, Шишкин Кирилл Алеқсандр-иԥа.
Аусԥҟа иаҵаҩуп 2024 шықәса хәажәкырамза 27 рзы.