АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Хәажәкыр.2024

Хара имгакәа Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы иҿыцу аԥҟарҭа аатуеит.

Аҟәа. Хәжәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҿы шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара-рҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит. Ари амедицинатә усбарҭа аҿы 30 – шықәса раахыс изеиԥшразаалак аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥгаӡамызт. Аусурақәа ралагара акоронавирус апандемиа иақәшәеит, убри аҟнытә аиҭашьақәыгыларатә усурақәа шымҩаԥысуазгьы 2021 шықәсазы 50 шьҭаларҭа ҭыԥ азоужьын ари аҿкы чымазара злаҽыз рыхәышәтәра азы.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиа усҟан аусура шаҟа имариамыз атәы далацәажәеит.

«Аҳақьымцәа  русура аҿы инхон ҳәа уҳәаратәы иҟоуп.  Усҟан аҭыԥантәи Ахадара иҟанаҵаз ацхыраара ахә ашьара уадаҩуп. Уи ахәышәтәырҭа акырӡа ихымԥадатәииз аҵәыҵәритә станциа ала аиқәыршәара алнаршеит. Иаахәан агазификатор, уи иабзоураны апалатақәа зегьы рахь аҵәыҵәри анагаразы еизаку асистема аԥҵара алыршахеит, уаанӡа еиԥш акыр иуадаҩу аҵәыҵәритә балонқәа рырҳәазара аҭахны иҟамлаӡеит», – ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Уажәазы ареанимациатә ҟәшеи ачымазцәа рыдкыларатә ҟәшеи, иара убас агинекологиеи атравматологиеи рҿы аусурақәа зегьы хыркәшоуп.  Зехьынџьара ҳаамҭа иақәшәо амаругақәа шьақәыргылоуп, зхаҭабзиара ҳараку амедицинатә цхырааразы иахәҭоу зегьы ыҟоуп. Апалатақәа рҿы апациентцәа рзы акыр иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵоуп: иԥхоу адашьмақәа, ашьашьмаҭрақәа, ихымԥадатәиу аинвентарь зегьы рҿыцуп (ашькаԥқәа, акаруаҭқәа, астолқәа, уҳәа убас егьырҭгьы). Иаахәоуп арыԥҳақәа рыҩныҵҟа аҳауеиҭарсра азы аппаратқәа (ИВЛ), иара убас егьырҭ ихымԥадатәиу амаругақәа.  

Уажәы аусуцәа еиҳа иуадаҩу аетап ахь инаӡеит – ахирургиатә ҟәша аиҭашьақәыргылара иалагеит. Уи ҩыџьараны иршеит, руак аҿы аҳақьымцәа аус шыруц ируеит. Уи зыҟаҵоу аусура аиԥҟьара алмыршара азы ауп.  

«Ҩы-мыз ирхымгакәа аԥҟаҩцәа иҿыцу аԥҟарҭа ахь ииасыр рылшоит, уи ҳаамҭазтәи аԥҟарҭақәа џьара акала еицәаны иҟалаӡом. Убас, аԥҟаратә стол заҵәык аахәара азы  араион Ахадара ала иазоужьхеит 3 млн. мааҭ. Афинансыркра аганахьала уадаҩра ыҟам. Ҳара ҳнапхгара аҟынтәи адгылара шҳамоу аабоит», –  ҳәа илҳәеит ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Индира Арсалиа.

Аиашазы, 2-3 шықәса рыла ахәышәтәырҭа аҭеиҭыԥш акыр аҽаԥсахит. Иҿыцны аус аура иалагеит алифт, уаанӡа уи аусура иахылҵуаз абжьы аҟынтәи апалатақәа рҿы ишьҭаз ачымазцәа ааԥшуан, уи акыр иаргәамҵуан.  Алифт аԥсахра азы араион Ахадара ала иақәхарџьхеит иааизакны иуҳәозар 2,9 млн. мааҭ рҟынӡа.  

Араион Ахадара 2021 – 2022 шш. рзы ахәышәтәырҭа азы иаанахәеит ареанимабили ирласу амедицинатә цхырааразы автомашьна «Гезельи». Ирласу амедицинатә цхыраара азы даҽа машьынак ахәышәтәырҭа азы иаахәан  2023 шықәсазы.


Read 230 times - Амҽыша, 31 Хәажәкыр 2024 13:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.