АЖӘАБЖЬҚӘА

29.Хәажәкыр.2024

Аслан Бжьаниа 2024 шықәса мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьара азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада 2024 шықәса мшаԥымза-рашәарамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа арратә маҵзурахьы рааԥхьареи ааԥхьарала арратә маҵзура иахысуа арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.

Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:

 

«Арратә ԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы» 2014 шықәса лаҵарамза 06 аҟнытә Nº 3498-c-V Азакәани «Атәылахьчаразы» 2006 шықәса ажьырныҳәамза 04 аҟнытә Nº 1224-c-XIV Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәани шьаҭас иаҭаны:    

 

  1. 2024 шықәса мшаԥымза 01 инаркны рашәарамза 30 рҟынӡа арратә маҵзурахьы ирыԥхьазааит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа 18 - 27 шықәса зхыҵуа, ԥхьатәара иҟам, арратә маҵзурахьы ааԥхьара иаҵанакуа
  2. Рхы иақәиҭтәызааит арратә маҵзурауаа арратә маҵзураҟнытә арратә маҵзурахьы рааԥхьаразы зыҿҳәара цаз.
  3. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаареи, араионқәеи Аҟәа ақалақьи радминистрациақәеи арратә маҵзурахьы ааԥхьареи арратә маҵзураҟнытә рхы рақәиҭтәреи ирыдҳәалоу аусмҩаԥгатәқәа нхарҭәааны рымҩаԥгара алдыршааит».

Аусԥҟа иаҵаҩуп  2024 шықәса хәажәкырамза 29 рзы.

 

 


Read 139 times - Ашәахьа, 01 Мшаҧы 2024 14:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.