АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынҷкәынмза 27 рзы «Аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азы» азакәан инапы аҵаиҩит.  Адокумент кьыԥхьуп атәыла ахада исаит аҟны.

Азакәан атекст иаҳәоит:

«Ажьырныҳәамза 19, 2022 шықәсазы Москва ақалақь аҿы знапаҵыҩра мҩаԥгаз «Аԥсны иҟоу аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿы иҟоу аргыларақәа Урыстәыла ахатәразы аҭареи ахархәареи рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Анапхгареи Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра шьақәырӷәӷәазааит».

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа                                       изаамҭанытәиим асессиа аилатәара аҿы Аҳәынҭдача «Пицунда» аҵакыраҿ иҟоу аргыларақәа Урыстәыла аҭареи ахархәареи рзы Аиқәшаҳаҭра шьақәдырӷәӷәеит ҳәа иаанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура. Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Апарламент аҿаԥхьа еилагылаз. Аиқәшаҳаҭра ашьақәырӷәӷәара азҵаара иаҿагыло ауаа рахь днеит. Уи адепутатцәа ирыдыркылаз аӡбамҭа далацәажәеит: «Зегьы агәҭынчымра рызцәырнагеит ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, Апарламент адепутатцәа реиԥш Апарламент ахь иаауаз ауаагьы. Иахьа ҳара иакымкәа аделегациақәа ҳадаҳкылеит, ганрацәала ҳалацәажәеит ари Аиқәшаҳаҭра ареспублика шәарҭара анамҭо адкылара азҵаара. Акоординатқәа ирыдҳәалоу ахәҭа урыстәылатәи аган иаднакылеит. Иаанханы иҟан «ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара» иадҳәалоу азҵаара. Амчра ахаҭарнакцәеи аоппозициа ахаҭарнакцәеи реиԥыларагьы мҩаԥысит. Араҟа ҳара акы ҳаицазкылсит – азакәанқәа аиҭакра рылагалара. Уи – «Жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа рзы» азакәан, Аграждантә закәанеидкыла, иҷыдоу, аҳәынҭдача аҭара иадҳәалоу Аконституциатә закәан ауп. Уаҟа аргылара ахԥатәи ахаҿқәа ирыҭахар, Аиқәшаҳаҭра амчра ацәыӡуеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра иазырхынҳәхоит ҳәа иарбоуп», - ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы ақалақь ахада Беслан Ешба ахәыҷқәа-аиаҭымцәа дырԥылеит.

Иҩычаз аԥсаҵла аԥхьа, ақалақь Ахадара адкыларҭа аҟны ақалақь ахада бзиала шәаабеит ҳәа ахәыҷқәа-аиаҭымцәеи урҭ рабикунцәеи аныҳәа рыдиныҳәалац, аҳамҭақәа риҭарц рзы дырԥылеит.

«Аҳҭнықалақь Ахадареи хаҭала сара сыхьӡалеи иааиуа Ашықәс Ҿыц шәыдысныҳәаларц сҭахуп, иааиуа шықәс ҿыц ишәзаанагааит агәырӷьара, агәабзиара, аҿиара, ашкол аҿы шәҵара ақәҿиарақәа ацзааит, уи шәара ҳәарада шәыԥсҭазаараҿы ишәыцхраауеит. Ҳара есымша адгылареи ацхыраареи шәаҳҭалоит», - ҳәа иҳәеит ақалақь ахада.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аламҭалазы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иԥшәмаԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҵаҩцәа Ашықәс Ҿыц рыдылныҳәалеит, ахәыҷқәа зегьы аҳамҭа хаақәа раналшьеит.

Аелита Ахьиԥҳа дылԥылеит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа.

«Ишәыдысныҳәаларц сҭахуп иааиуа Ашықәс Ҿыц. Шәара зегьы аныҳәа бзиа ижәбоит. Традициа ҳасабла аиҳабацәа ахәыҷқәа аҳамҭақәа рырҭоит, ирыдныҳәалоит. Убри азы сҭаацәагьы ирҭахуп аҳамҭақәа шәзыҟарҵарц. Исҭахуп иааиуа ашықәс абзиарақәа, агәырӷьарақәа шәзаанагарц. Шәҭаацәа шәылагәырӷьалааит, ачымазарақәа шәаҩсааит. Ҳара, адуцәа, шәара шәзы иҳалшо зегьы ҟаҳҵалоит».  Сара шәара зегьы бзиа шәызбоит», - ҳәа илҳәеит Аелита Ахьиԥҳа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент адепутатцәа аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Ареспублика Аԥсны хаҭалатәи атәанчахәқәа рзы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Аԥсны хаҭалатәи атәанахәқәа рызшәалахоит Аԥсны аҿаԥхьа иҷыдоу алшамҭақәа змоу атәылауаа:

 – 1992-1993 шш. рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра актәи агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа;

– аҭынч ԥсҭазаараан Аԥсадгьыл ахьчараан ахәрақәа зауз актәи агәыԥ иаҵанакуа аинвалидцәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аруаа рыстатус азы» азакәан аиҭакрақәа аларгалеит.

Ари азакәан аруаа рсоциалтә хьчара азы аҳәынҭқарратә политика шьақәнаргылоит, атәанчахәқәа ршәара аԥҟарақәеи атәанчахәқәа рхышәа-ҵышәеи ашьақәыргыларагьы уахь иналаҵаны:

– аррамаҵзурауаҩ инапынҵақәа анынаигӡоз дҭахазар, ма иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны хымз рышьҭахь иԥсҭазаара далҵзар, иҭаацәа атәанчахәы ацны ирызшәахалоит.

– иара убри аҟара роулоит иузахмырԥо амаҵзура ахысраан ироуз ахәрақәеи аинвалидреи ирыхҟьаны анаҩстәи рырратә маҵзура ацҵаразы алшара змам  атәанчаҩцәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа «Аинвестициатә еиҩызаразы» азакәан апроект рыдыркылеит.

Ари азакәан апроект аинвестициатә еиҩызара аҭышәныртәаларазы азинтә шьаҭақәа раԥҵара иазырхоуп.

Азакәан апроект аинвестициатә усура аицымҩаԥгараан иҷыдоу асубиектқәа ирыбжьарҵо аинвестициатә еиҩызаразы аиқәшаҳаҭра, аиқәшаҳаҭраҿы алахәылацәа ркатегориақәеи анапхгаҩцәа рзинқәеи рҭакԥхықәрақәеи,  абизнес-проектқәа рынагӡаразы гәыԥҩык аинвесторцәа рԥаратә лагалақәа реидкылара алзыршо  иарбоу аиқәшаҳаҭра анагӡареи азинмчы аанкылареи, уҳәа уи аҭагылазаашьақәа ҳәаақәнаҵоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аԥсны аекономика аминистр Кристина Озган арадио Sputnik аинтервиу аҭо Аԥсны абылтәы аҭагылазаашьа шыҟоуи абылтәы азымхара ҟалар алшо-алымшо  далацәажәеит.  

Уи лажәақәа рыла, ԥхынҷкәынза 16, 2023 шықәса рзы иҭыҵыз Урыстәыла аиҳабыра Ақәҵара №2180 инақәыршәаны, аилахәыра «Роснефть» Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин аҭоуп.

Аминистр ишазгәалҭаз ала, еиуеиԥшым аилазаарақәа аилаӡарақәа зыбжьарҵаз егьырҭ абылтәыла  аиқәыршәаҩцәа ыҟоуп, урҭ ареспублика ахь анефтьаалыҵқәа рекспорт нарыгӡоит.  

«Уажәазы, Ақәҵара ари анорма аԥкра аланагалоит, уи аилахәыра «Роснефти», уи иаҿыгоу анаплакқәеи рымацара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь абылтәы аагара азин шрымоу азгәанаҭоит. Араҟа ҩ-зҵаарак  цәырҵуеит. Убас ала раԥхьаӡа иргыланы аҭыԥантәи абылтәџьармыкьа алахәылацәа зыргәамҵуа русура аԥкра алагалара ауп», - ҳәа илҳәеит Кристина Озган.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәларбжьаратәи, апарламентбажьаратәи аимадарақәеи аидгьылуаа рымадареи рзы апарламенттә Еилакы Аҳәынҭқарра Ахада ԥхынҷкәынмза  22, 2023 шықәсазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыра аҿы иҟоу Аҳәынҭқарратә дача «Пицунда» амазаратә комплекс Урыстәыла аҭареи уи ахархәашьеи рзы»  Аԥсны Аиҳабыреи Урыстәыла Аиҳабыреи рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра атекст аиҭакрақәа алазгало Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи  ражәанҵақәа зцу Жәлар Реизара - Апарламент ахь иҟаиҵаз ааԥхьара иалацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа  актәи аԥхьарала «Аҿкчымазарақәа риммунапрофилактиказы» азакәан апроект рыдыркылеит.  Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Апарламент аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак Анри Барцыц.

Иарбоу азакәан апроект ауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә шәарҭадара аиҿкаареи ауааԥсыра ргәабзиара ахьчареи хықәкыс иҟаҵаны аҿкчымазарақәа риммунапрофилактика аусхк аҟны аҳәынҭқарратә политика ашьаҭақәа шьақәнаргылоит.

 «Ауааԥсыра аҿкчымазарақәа рацәыхьчара амассатә адунеи зегьы аҟны  актуалра злоу апроблемақәа  иреиуоуп. Аҿкчымазарақәа рҽацәыхьчара азы зегьы реиҳа аеффективра злоу хархәаганы иҟоуп аиммунапрофилактика амҩаԥгара», – ҳәа иҳәеит Анри Барцыц.

Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәаз алаҵаҟаҵаратә мзари алаҵақәа рыҵәахра аҭахрақәеи. Аминистрцәа реилазаара ишьақәнаргылароуп реиҳа ирылаҵәо ачымазарақәа зхәышәтәуа ауаа рзанааҭқәа реиқәыԥхьаӡа, урҭ азанааҭқәа знапы рылаку хымԥада алаҵа рзыҟарҵалароуп. «Азакәан иара убасгьы иазԥхьагәанаҭоит арҭ атәылауаа алаҵашьҭахьтә уашәшәырара рызцәырҵыр, асоциалтә дгылара рыҭара анормақәа. Убри аан атәылауаа есымза аԥаратә харҭәаа рыҭареи аԥаратә цхыраара аиуреи рзы азин рымоуп»,- ҳәа иҳәеит Анри Барцыц.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.