АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара нанҳәамза 4, 2022 шықәсазы ирыдыркылаз  2022-2025 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз апрограмма анагӡаразы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара Аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа рылагаларазы Аҳәынҭқарра Ахада  ажәадгала идгалазарц азы Ақәҵара рыдыркылеит.

Убас: Аԥкаанҵа иазыԥхьагәанаҭоит 2024 шықәсазы аҳәынҭусбарҭақәа хаз иго ркатегориақәак русзуҩцәа рхыԥхьаӡара ашьақәырӷәӷәара, иара убас урҭ рулафахәы ашьҭыхра.

Аиҭакрақәа ирыҵаркуеит агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аҭҵаарадырра, акультура, аспорт, асоциалтә маҵзура русхк аҟны аус зуа аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхра:

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспубликеи ркультура Аминистрақәа рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра азы аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгареи анапаҵыҩреи иақәшаҳаҭхеит. 

Аиқәшаҳаҭра ахықәкы хаданы иҟоуп – аҩ-тәылак рмилаҭтә закәанԥҵарақәеи ирыбжьоу жәларбжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәеи инарықәыршәаны аҟазареи акультуреи русхкқәа зегьы рҿы аҩганктәи аусеицура  аҿиареи аҳәаақәа рырҭбаареи.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара анапхгарабжьаратәи ахықәкытә программа «2024 шықәсазы адемографиа аҿиара» аиҭакрақәа аланагалеит.  

Убас, Аԥсны инхо аҭаацәара аԥсуа милаҭ иеиуоу актәи, аҩбатәи, ахԥатәи ахәыҷы ииразы зныктәи аԥарашәара рзыҟаҵара 100 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡалоит;  аԥшьбатәии ишьҭанеиуеи ахәыҷқәа рзы – 200 нызықь мааҭ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада иҭижьыз Аусԥҟа ала Џьансыхә Нанба Аԥсны аенергетикеи атранспорти рминистрс дҟаҵоуп.

Аусԥҟа анапаҵыҩра мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәсазы.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иааиуа ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа инарымаданы, апиротехникатә аалыҵқәа реикәыршара, рыҵәахра, рыларҵәара, рхархәара, уҳәа аусхкқәа рҿы азинеилагарақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы ауааԥсыра ргәырҽанҵара иазкны Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҳәынҭқарратә абылрацәыхьчаратә хылаԥшра Аҟәа ақалақь аҿы апиротехника ахьырҭиуа аобиектқәа ргәаҭарақәа мҩаԥнагоит.  

Агәаҭарақәа мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аобиектқәа рҿы, аџьармыкьа хада, аҵакырагьы уахь иналаҵаны, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Апарламент «Ареспублика Аԥсны Амилаҭтә Банк адәныҟатәи аудит амҩаԥгара аиҿкааразы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Апарламент Аԥсны абанк адәныҟатәи аудит амҩаԥгаразы иалнахит аудиттә еиҿкаара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «ФБК». Уи 30 шықәса иреиҳаны аудит-консалдингтә џьармыкьа аҿы аус ауеит. ЗҲәА «ФБК» Аԥсны Абанк аҿы аусура аԥышәа амоуп.  Аилазаара Аԥсны Абанк 2011, 2012, 2014, 2017, 2019 шш. рзы афинанстә ҳасабырбара  аудит мҩаԥнагон.  Аилазаара «ФБК» иарбоу аусхкы аҿы аԥышәа бзиа змоу аспециалистцәа еиднакылоит.

Аилазаара имҩаԥнаго амаҵзурақәа рыхәԥса – 1 млн 800 нызықь мааҭ. (ашәҟәынҵатә харџьқәа уахь иналаҵаны).   

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.

Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Аслан Гьаргь-иԥа.

Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит Ашықәс Ҿыц аныҳәа!

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Иаппарат 2024 шықәсазы абиуџьет шьақәдырӷәӷәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсменцәа изаамҭанытәиу аҟазараҩаӡарақәеи ахьӡқәеи ранашьара мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аҿы Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа аҳазалхратә ԥҟарақәа реилагарала Аԥсныҟа иаагаз 2 790 цыра инареиҳаны апиротехника рымырхит. Абри атәы аанацҳауеит Ахылаԥшырҭа апресс-маҵзура.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.