АЖӘАБЖЬҚӘА

02.Ԥхынгәы.2024

Ԥхынгәымза 2 рзы тамшьтәи арра-мшынтә десант аӡхыҵра ҟалеижьҭеи 31 шықәса ҵуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 2 рзы 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра иналукааша адаҟьақәа иреиуоу, «Тамшьтәи аоперациа» ҳәа хьӡыс изауыз арра-мшынтә десант аӡхыҵра ҟалеижьҭеи 31 шықәса ҵуеит.

Рашәарамза анҵәамҭазы, 1993 шықәса рзы Аԥсны Арбџьармчқәа анапхгара аҳҭнықалақь ахақәиҭтәра азы ажәыларатә операциа амҩаԥгара алзыршоз Аҟәа араион Шрома ақыҭеи астратегиатә ҵакы змоу Аҟәа ақалақь аҩада-мрагыларатәи аганахьала аҳаракырақәеи   ргара азы аӡбамҭа аднакылеит.

Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы ақырҭуа ар иназыцҵоу  архәҭақәа Аҟәа ақалақь ахь рыиагара аԥхьырҟәҟәаареи уаҟа иҟоу ақырҭуа архәҭақәа аблокада азуреи рзы, Тамшь ақыҭан   300-ҩык инарзынаԥшуа рыла ишьақәгылаз арра-мшынтә десант ӡхыҵит.  Адесант хыдҵас иаман амҩаду хада «Очамчыра–Аҟәа» аанкылареи жәамз инареиҳаны амацәаз иҭакыз Ҭҟәарчал ақалақь ахьчараз игылаз арууаа алархәны ажәыларатә операциа амҩаԥгареи.

Ԥстәбарада, аӷа иҽмырбаӡакәа аӡхыҵра аналдырша ашьҭахь, арра-мшынтә десант аибашьцәа урҭ ирзыԥшыз Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ирыцлеит. Адесант напхгара аиҭон Заур Занҭариа.

Адесант алахәылацәеи Мрагыларатәи афронт аруааи рҽеибыҭаны астратегиатә ҵак ду змаз амҩаду Очамчыра-Аҟәа ааныркылеит, уи алагьы еиԥырҟьеит аӷа ири итехникеи амцашыра иалагылаз Аҟәа ақалақь ахь рынашьҭра. Аҭыԥ аҿы еицымҩаԥыргон хыԥхьаӡарала акыр еиҳаз, бџьарла еиқәных иҟаз аӷа  хҩахахак изымҭоз ажәыларақәа. Ҳаибашьцәа ирҿагылан аӷа имотохысратә баталионқәа ааба, итанктә бригада, иартиллериатә дивизион. Бжьаха-бжьымш рыҩныҵҟа Аԥсуа ар амҩаду рнапаҿы иаанкыланы ирыман. Иҭархан шәҩыла ақырҭуа гвардееццәа, хыԥхьаӡара рацәала арратә техника, трофеи ҳасабла иган еиуеиԥшым абџьар, аџьаԥҳаны.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арратә мчқәа Ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа Очамчыра араион Тамшь ақыҭан арратә операциа амҩаԥгараан иаадырԥшыз афырхаҵара, агәымшәара, аҟазара ҳарак азгәаҭо амшынтә десант алахәылацәа, Мрагыларатәи афоронт арҟәшақәа, Ареспублика Арра-мшынтә мчқәа аџьшьара риҭеит, еиҳа зҽалызкааз аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьаразы рыхьӡ ҳәан.

Тамшьтәи аоперациа аибашьараҿ аиааира агаразы реиҳа аҵакы змаз иреиуан, уи – зегь ззыԥшыз амш арааигәара алзыршаз операциан. Ԥхынгәымзатәи арҭ амшқәа рыҩныҵҟа Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 57-ҩык зхи-зыԥси ирмегӡаз аибашьцәа гәымшәақәа, еиуеиԥшымыз ахәрақәа роуит 153-ҩык Аԥсны аԥацәа.

Очамчыра араион Тамшь ақыҭан имҩаԥгаз адесанттә операциа 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра ахьӡ-аԥша зныԥшуа даҟьаны аҭоурых иазынхеит. ***


Read 214 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.