Ԥхынгәымза 2, 1993 шықәса рзы ақырҭуа ар иназыцҵоу архәҭақәа Аҟәа ақалақь ахь рыиагара аԥхьырҟәҟәаареи уаҟа иҟоу ақырҭуа архәҭақәа аблокада рзуреи рзы, Тамшь ақыҭан 300-ҩык инарзынаԥшуа рыла ишьақәгылаз арра-мшынтә десант ӡхыҵит. Ԥстәбарада, аӷа иҽмырбаӡакәа аӡхыҵра аналдырша ашьҭахь, арра-мшынтә десант аибашьцәа урҭ ирзыԥшыз Мрагыларатәи афронт аибашьцәа ирыцлеит.
Тамшьтәи аоперациа аибашьараҿ аиааира агаразы реиҳа аҵакы змаз иреиуан, уи – зегь ззыԥшыз амш арааигәара алзыршаз операциан.
Ԥхынгәымзатәи арҭ амшқәа рыҩныҵҟа Аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит 57-ҩык зхи-зыԥси ирмегӡаз аибашьцәа гәымшәақәа, еиуеиԥшымыз ахәрақәа роуит 153-ҩык Аԥсны аԥацәа.